Print this page

Енвер Бзагәеи Харитон Агрбеи риааира

Ԥхынкәын 27, 2023 92

Апрофессионалтә бокс азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла,  ҳџьынџуаҩ, ААУ астудент Енвер Бзагәа апромоутертә еилазаара «ATILGAN PRODUCTION» еиҿнакааз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз «ATILGAN FIGHT NIGHT X» аҿы Аԥсны ахьӡала дықәгылеит.

Иара ирантәи абоқсиор Саџьад Хабиб дииааит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура.

Аиндаҭлара ԥхынҷкәынмза 15 рзы Анкара ақалақь имҩаԥысит.

Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵышьҭра  Енвер Бзагәа раԥхьаӡа иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь дааит 2019 шықәсазы, Афон Ҿыц имҩаԥысуаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿа» агаразы абоқсиортә турнир алахәхаразы.  Изныкымкәа иара дидикылахьан ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа. Ишдыру еиԥш, иаргьы ианиаамҭаз абокс ала иҽазыҟаиҵон, 20 шықәса инареиҳаны Аԥсны абокс Афедерациа напхгара аиҭон.

* * *

Абоқсиор Харитон Агрба атурнир «IBA  ачемпионцәа рыҵх» аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟазахсҭантәи аспортсмен,  адунеи ачемпион-2023, Азиа -2023 ачемпион  Дулат Бекбауов дииааит.  Атурнир мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 15 рзы Асҭана ақалақь аҿы.

Аиндаҭлара аа-раундк рыла ишьақә­гылан. Аӡбаҩцәа излақәырҵаз  ала 2:1 ҳәа Харитон Агрба ииааирала ихыркәшахеит.  

Харитон Агрба 13 иааира игахьеит, зныкгьы даҵамхаӡацт.