Print this page

Аҵаа Бабаду иахь асалам шәҟәы

Ԥхынкәын 27, 2023 88

Апрокуратура хада, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура, еиуеиԥшым аминистррақәа  рхы аладырхәуеит агәыҳалалратә фонд «Кьараз» есышықәса имҩаԥнаго  зҭаацәаратә ҭагылазаашьа уашәшәыроу, ахшара рацәа ахьааӡо аҩнаҭақәа рҟнытә ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду изырҩыз асалам  шәҟәқәа рҟны ргәы ззыҳәо аҳамҭақәа рзыҟаҵара иазынархоу аусмҩаԥгатә.

Убас, арҭ амшқәа рзы Аҩнуҵҟатәи  аусқәа рминистр аинрал-маиор Роберт Киут ари аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны ишҟа инаԥхьаны, аминистрра ашьақәгылазаашьеи, аусзуҩцәа рҭакԥхықәра  анагӡашьеи уҳәа лабҿаба иалархәны, аҳамҭақәа рнапаҿы ириҭеит заԥхьаҟа амилициа аусзуҩ изанааҭ шьҭызхырц агәаҳәара змоу, Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭантәи ашколхәыҷқәа  Костиеи Серафими.

Агәабзиарахьчара аминистрра аусзуҩцәа ракәзар, ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду изырҩыз асалам шәҟәқәа инарықәыршәаны аҳамҭақәа рызнархиеит, 12 ш. зхыҵуа Аҟәа инхо Данил Дараселиа  дназлоу 11-ҩык ахәыҷқәа. Ас еиԥш аусмҩаԥгатә ахәыҷқәа рзеиԥш, аиҳабацәа рзгьы  акырӡа аҵанакуеит ҳәарада. Аҳамҭа зауа диеиҵамкәан игәахәарахоит иҟазҵаз ихаҭа изгьы.

«Абзиара уны аӡы иаҭ» ҳәа баша ражәа иаламызт ҳажәлар. Ақьиара ауп иеиқәзырхо ҳдунеи.

Шәацәымаашьалан, иаашәырԥшла аҳалалреи ақьиареи!

Ҽааныбзиала шәнеилааит!