Print this page

Аԥсны Жәлар Реизараҿы

Ԥхынкәын 21, 2023 57

Ахәыҷы изинқәа рыхьчара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын ԥхынҷкәынмза 13 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥысыз Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Мактина Џьынџьалԥҳаи реиԥылара.

 Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарат азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа.

Жәлар Реизара - Апарламент аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара атемақәа руак ахәыҷра ахьчара аганахьала азакәанԥҵаратә аԥшьгамҭақәа рынагӡара иадҳәалан.

Мактина Џьынџьалԥҳа, Лаша Ашәба Аԥсны иқәынхо ахәыҷқәа рзинқәа ры­хьчареи рынхарҭатә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи рзы имҩаԥгаз аусуреи ирҳаз аԥышәеи ртәы изеиҭалҳәеит. Аиԥылара иалахәыз  Жәлар Реизара-­Апарламенти ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы иану Иаппарати анаҩстәи русеицура ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.