Print this page

Аԥхьахәқәеи аиааирақәеи ргеит

Ԥхынкәын 14, 2023 75

Алан Герзмааи Леонид Арсҭааи аиааира ргеит,  Дамеи Кархалаа аџьазтә аԥхьахә игеит  Асовет Еидгыла ачемпион Владимир Радионов игәалашәара иазкны имҩаԥгаз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы IX Урыстәылазегьтәи атурнир аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аофициалтә саит.

 Атурнир мҩаԥысуан ԥхынҷкәынмза 9-10 рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит Урыстәыла (Амурсктәи, Ленинградтәи, Москватәи аобластқәеи Краснодартәи, Ставропольсктәи атәылаҿацәқәа, Карелиа, ақалақьқәа Калининград, Москва, Са­нкт-Петербург) Беларуссиа, Ермантәыла, Аԥсны рҟынтәи 180-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа. Аԥснытәи аспортсменцәа азыҟарҵоит Игор Бераиа, Размик Алабиан, Дауҭ Лазба.