Print this page

Ацәыргақәҵаҿы хра злоу адыррақәа

Ԥхынкәын 07, 2023 67

Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рырҿиара Ацентр ахаҭарнакцәа абҵарамза  анҵәамҭазы  Урыстәыла, Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысуаз 29-тәи Жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи, аарыхреи, аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа рхы аладырхәит.

Ацәыргақәҵаҿы иҟан адунеи атәылақәа 14 рҟынтәи  600 еилазаара инареиҳаны. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа ирыдыргалеит ақыҭанхамҩатә техникеи уи аԥсахга хәҭақәеи, агрохимиатә аалыҵи  ажәлақәеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҵәахреи аус адулареи рзы аиқәыршәагақәеи амаругақәеи, иара убас аӡақәҭәареи арԥхагақәеи рзы амаругақәа.

 «Ҳара абар шьҭа хынтәуп ацәыргақәҵа ҳаҭаауеижьҭеи, есымша иҿыцу, хра злоу адыррақәа ҳауеит. Ақыҭанхамҩа аусхк активла аҿиара иаҿуп, есышықәса атехнологиақәа рҿыцхоит, еиӷьыртәует. Иаагозар, ақыҭанхамҩатә дронқәа иахьа ҳара иҳамоу раасҭа акыр еиӷьуп, еиҳа ирҿыцуп. Рыцҳарас иҟалаз, ҳара иарбоу аусхк аҿы ҳаҿиара активфла изымҩаԥысӡом, убри аҟнытә ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа рылахәхара акыр хра аланы иҟоуп, ҳара иаабоит иарбан хырхарҭоу иалхтәу», – иазгәеиҭеит Ацентр аспециалистә Ҭемыр Мықәба.

Уи иара убас  ацәыргақәҵаҿы аимадарақәа ҿыцқәа рыбжьаҵареи уаанӡа иҟаз рырӷәӷәареи шалыршахаз азгәеиҭеит. Аиҭаҳатәқәа зааӡо анаплакқәа рхаҭарнакцәа ирабадырит, ирыҿцәажәеит. Урҭ ирааӡо аиҭаҳатәқәа, анаҩс дара Аԥсны ишанаало, ишазҳауа аилкааразы ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр аԥышәарҭатә ҭыԥ ахь  раагара азԥхьагәаҭоуп.   

Ацәыргақәҵа «ЮГАГРО» —  Урыстәыла иахьаҵанакуа зегь реиҳа идуу ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи, аарыхреи, аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа ауп.