Print this page

Аибашьҩы иҭаацәа рнапаҿы

Нанҳәа 25, 2022 231

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ауадақәа рцаҧха лнапы иаиркит Аҧсны Афырхаҵа Владимир (Гена) Карданов иҧшәма Асиаҭ Карданова. Гагра агәаны, Абазгаа рымҩаҿы ҩ-ҿык змоу ауада рзалхын Гагра араион Ахадара ацхыраарала хатәгәаҧхарала аибашьҩы иҭаацәа.

«Шәҧылара сеигәырҕьоит, Асиаҭ Ҳасан-иҧҳа. Шәара еснагь ҳацхыраара шәақәгәыҕларц шәылшоит. Ааигәа иазгәаҳҭеит хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш. Урҭ Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы рлагаламҭа ахәшьара аҭара уадаҩуп. Ҳәарас иаҭахузеи, ҳалшарақәа ҳасаб рзуны, макьаназ иҳалымшац ҳфырхацәа – хатәгәаҧхарала аибашьцәа, аинвалидцәа, аибашьра иалахәқәаз рҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа зегьы рҭыҧ рықәҵара. Аха аамҭа-аамҭала урҭ апроблемақәа зегьы ҳаӡбалоит».

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, легендак иаҩызоу Гена Карданов иҭаацәа рынхарҭа апроблема абыжәраанӡагьы ишыӡбатәыз. Шьҭа аҭагылазаашьа рҽеиуп, иаҵишьит Аслан Бжьаниа.

Аҧсны Афырхаҵа иҧшәма Асиаҭ Карданова гәык-ҧсыкала ҭабуп ҳәа иалҳәеит Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз ахшыҩзышьҭразы.

1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭазы Владимир (Гена) Карданов Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа ргәыҧ даланы Аҧсныҟа дааит. Иаарласны «Ҟабарда» зыхьӡыз аибашьцәа ргәыҧ акомандирс дшьақәырҕәҕәан. Хатәгәаҧхарала аибашьҩы Карданов дҭахеит 1993 шықәса апрель 13 азы иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны.