Print this page

Анаҟәаԥиатәи абааҿы

Абҵара 30, 2023 75

Sputnik излаанацҳауала, ааигәа Афон Ҿыц Аԥсаратәи ашьхаҿы имҩаԥысит Анаҟәаԥиатәи абаа аиҭашьақәыргылара актәи аетап ахыркәшара иазкыз ацеремониа.

Имҩаԥгаз аусурақәа ирылҵшәаны еиҭашьақәыргылан агәашәтә еибаркыра хадеи, актәи ахыхьчаратә бааҿы игылоу ахаҳәтә ҭӡи.

Афон Ҿыцтәи аҭоурых-культуратә ҳәырԥсарра «Анаҟәаԥиа» аиҳабы Алхас Аргәын ишазгәеиҭаз ала, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ираԥхьанеиуан 2018 шықәсазы еиҿкааз археологиатә усмҩаԥгатәқәа.

«Имҩаԥгаз археологиатә усмҩаԥгатәқәа хықәкы хадас ирыман агәашәтә еибаркыреи абааи реиқәырхара. Даҽакала иаҳҳәозар, ажрақәа рымҩаԥгара ақәшәеит, избанзар аҭоурыхтә баҟа аҭагылазаашьа уашәшәыран. Иазгәасҭар сҭахуп, 1958-1959 шықәсқәа рзы араҟа ишымҩаԥысыз археолог Михаил Ҭраԥшь напхгара зиҭоз археологиатә усурақәа. Усҟан, ари аус иалахәын 200-ҩык инареиҳаны ауаа. Урҭ, актәи аҩбатәи абаақәа иркьымскәаны, зҵакы иаҳа имаҷыз абаақәа рыкәша-мыкәша ажрақәа мҩаԥыргеит. Иҟалап, иаҳа зҵакы дуу абаақәа рыҭҵаара рымч ақәхарым ҳәа иԥхьаӡаны иаанрыжьзар. Ари ҭакԥхықәра ҳара ҳхахьы иаҳгеит, – иҳәеит Аргәын.

Алахс Аргәын иажәақәа рыла, хара имгакәа имҩаԥыгатәу аҳәырԥсарра агәаҭарақәа иреиуоуп агәашә ду аус адулара, хаҭала иаҳҳәозар – уи аҩнуҵҟатәи ахәҭеи аҿыԥшыларатә ҭеиҭыԥши реиҭашьақәыргылара. Аусурақәа ирылагап ҳәа ргәиҭоуп ҳазҭоу ашықәс иахымгакәа.

Анаҟәаԥиатәи абаа агәашәқәеи ахыхьчаратә ҭӡы ахәҭаки реиҭашьақәыргылара иазоужьын аа-миллионк мааҭ инарзынаԥшуа аԥара.