Print this page

Азакәанԥҵара еилазго аҿагылара роуеит

Абҵара 30, 2023 69

Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут абҵарамза 21 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы иҟалаз ахҭысқәа инарымаданы Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аминистр абҵарамза 21, 2023 шықәсазы Афон Ҿыц ақалақь аҿы, гәыԥҩык ауаа  Аԥсны аҳәынҭқарратә дачақәа Русбарҭа иатәу  аҳәынҭқарратә дача «Афон Ҿыц» аихабетонтә хкаара рбганы аҵакыра аҩныҵҟа рҭалара иадҳәалоу ахҭыс азы агәҭынчымра ааирԥшит.

«Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра аганахьала азакәанԥҵара еилазго иарбанзаалак зегьы ӷәӷәала аҿагылара роуеит.

 Аԥсны атәылауаа аконституциатә зин рымоуп ауаажәларратә ҵакы змоу азҵаарақәа рышьҭыхреи рыӡбареи. Аха  уи ас еиԥш аҟазшьа аманы иҟамлароуп. Иумбар залшом, араҟа ауаажәларра реизҳазыӷьареи ринтересқәа рыхьчареи гәхьаас иҟаҵаны акәушәа аус аҿы зынӡа даҽа интересқәак ирышьҭоу џьоукы  шалаху.  Убарҭ роуп Афонҿыцтәи ахҭыс аԥшьгаҩыс иҟоугьы», -  иазгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Аминистр иажәақәа рыла, «ҳара ҳауаажәлара ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа акыр иаргәамҵуеит. Урҭ ареспубликаҿы еицырдыруа ауаа ҭакԥхықәрала рхымҩаԥгашьа еиԥш, лакҩакрада анырра иадҳәалоу ауснагӡатәқәа рзыԥшра азин рымоуп».

Атәыла аҩнуҵҟатәи аусқәа Рминистрра зегьы еилкааны ахымҩаԥгашьеи уи иацу аҭакԥхықәреи цқьа ирызхәыцырц  ааԥхьара ҟанаҵоит.