Ермантәыла аԥыза-министр ҟаиҵо ашьақәырӷәӷәарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитет шьаҭакыла иаҿагылоит, иазгәеиҭеит Аԥсны Ахада.
Бжьаниа иахәҭаны иԥхьаӡеит аԥыза-министр Пашиниан игәалаиршәарц Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ҳаҭырқәҵарала ишырзыҟоу аерман жәлар зегьы. Урҭ рыхәҭак аамҭаказы атрагедиатә хҭысқәа рхы рцәырыхьчеит хьыӡҳәала Аԥсны.
«Иахьа Аԥсны инхо аерманцәа амчра аусбарҭақәа зегьы рҟны ицәыргоуп, аерман бызшәеи акультуреи аҳәынҭқарра адгылара рнаҭоит, ԥықәсларада аус руеит Аермантә Апостолтә Уахәама аилазаарақәа. Аԥсны инхо аерманцәа Ҟарабах аерманцәа Никол Пашиниан ирызимҭаз зегьы рымоуп. Урҭ иара имҩаԥигауа аполитика иахҟьаны рҳәынҭқарра хыбгалеит, рыдгьыл гәакьа иқәымҵыр ада ԥсыхәа рмоуит. Абригьы азмырхакәа, Никол Пашиниан иполитика иахҟьаны иара Ареспублика Ермантәыла ахаҭагьы атериториатә акзаара еилагахеит», – иазгәаҭоуп Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.
Аусқәа рҭагылазаашьаҵәҟьала, «акзаара, асуверенитет, атерриториатә халаҟазаара, адемократиа» иаҳагьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ианаалоит. Уи демократиатә ҳәынҭқарроуп, иара адгьылҵакыра зегьы иахылаԥшуеит. Уи ахьыԥшымра азхарҵахьеит Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ атәылақәа жәпаки, игәы иаанагоит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Ермантәыла анапхгара дрыԥхьеит аҽхырцәажәара иаҟәыҵырц, дара адәныҟатәи рполитика анымҩаԥыргауа аҭагылазаашьаҵәҟьа ҳасаб азура иалагарц.
Ноиабр 24 азы Пашиниан Ереван азхиома «Урыстәыла иампыҵанахалаз дгьылҵакырақәаны» Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи разхаҵара ҳәа азҵаара аҭакс, ишиашоу ицо аефир аҿы иҳәеит Ереван инхарҭәааҵәҟьаны ишадгылауа Қырҭтәыла акзаара, асуверенитет, атерриториатә халаҟазаара, ахьыԥшымра, адемократиа.
Иара убас, Никол Пашиниан иажәақәа ирҿагыланы иқәгылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара адепутатцәа Ашоҭ Миносиан, Галуст Трапизониан, Ерик Рштуни, Левон Галустиан.