Print this page

Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи агазеҭ «Аԥсны» аҭыҵра 105 шықәса ахыҵреи разгәаҭаразы

Абҵара 30, 2023 84

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Идҵа инақәыршәаны, Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150 шықәса аҵреи раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» 105 шықәса ахыҵреи разгәаҭаразы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Акомиссиа напхгара аиҭоит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

Адҵа инақәыршәаны, 2024 шықәса ажьырныҳәамза 25-нӡа аиубилеи азгәаҭаразы аусмҩаԥгатәқәа рплан еиқәыршәатәуп.