Print this page

Ноиабр 26 – Аԥсны Аконституциа Амш

Абҵара 30, 2023 77

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа амш инамаданы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! 

Ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!

29 шықәса раԥхьа, 1994 шықәса абҵарамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет асессиа 12-тәи ааԥхьараҟны ирыдыркылеит Аԥсны  Аҳәынҭқарра Азакәан Хада.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа жәлары зегьы рыбжьаҭарала иақәшаҳаҭны ирыдыркылеит 1999 шықәса жьҭаарамза 3 рзы. Ари Азакәан Хада Аԥсны аҭоурых ҿыц аҟны хадара зуа документны иҟалеит. Аконституциа ишьақәнаргылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, идемократиатәу аҟазшьа, иарӷәӷәеит аҳәынҭқарра азинтә принципқәа, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи хәдықәҵара рызнауит, иара убас иҳәаақәнаҵеит аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи ауаажәарратә институтқәеи реилазаареи урҭ русеицуреи.

Аконституциа аԥҟарақәеи апринципқәеи шьаҭас иҟаҵаны, ҳҳәынҭқарра иалнаршеит ицәырҵуаз ашәарҭарақәа ириааины, жәларбжьаратәи азин ихьыԥшым асубиект аҳасабала азхаҵарахьы инагаз амҩа анысра.  

Ҳтәылазы акрызҵазкуа абри амш аҽны Аԥсны жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аихьӡарақәа, акзаара, аизҳазыӷьара!».