Print this page

Ишьақәырӷәӷәоуп Аарыхратә мзар

Абҵара 23, 2023 78

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала ишьақәырӷәӷәоуп «2024 шықәсазтәи Аарыхратә мзар».

Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи ахьеиқәшәауа инамаданы, абарҭ аԥсшьарамшқәа ииагахоит:

2023 ш. декабр 31 (амҽыша) ианвар 9 (аҩаша) ахь;  ианвар 6 (асабша) ианвар 10 (ахаша) ахь; ианвар 7 (амҽыша) ианвар 11 (аԥшьаша) ахь; ианвар 14 (амҽыша) ианвар 15 (ашәахьа) ахь; маи 5 (амҽыша) маи 6 (ашәахьа) ахь.

Аԥсшьарамшқәеи аныҳәамшқәеи еиҷаҳарала ахрархәара хықәкыс ишьҭыхны аусура мшы ианвар 12 (ахәаша) ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.

Мшаԥныҳәа амҽыша (маи 5) аҽны иахьазгәарҭо аҟнытә, ашәахьа (маи 6) ԥсшьарамшуп.

Аарыхратә мзар инақәыршәаны Аԥсны 2024 шықәса ианвар азы иҟоуп аԥсшьарамшқәа 19.