Print this page

Апатриарх Кирилл Имшира

Абҵара 23, 2023 111

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Москвеи Урыстәыла зегьи Рпатриарх Лаша Кирилл Имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Шәара Аԥшьалаша! Аԥсны аиашахаҵара ақьырсианцәа зегь рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира.

Аԥсны ҳаҭыр шәықәырҵоит ақьырсиан динхаҵара ҳаҭыр зқәу адоуҳатә ԥызак иаҳасабала. Акыр шықәса раахыс Шәара шәҭааҩцәа Анцәа имаҵура ашҟа амҩа иқәышәҵоит. Ауаа ргәы-рыԥсы ажәала ирлашауа, Христос иҵара ашәахәа лашақәа рзаартуа, Шәара урҭ агәрахамҵара иацәышәыхьчоит, агәшаҭареи, абзиабареи, ачҳареи рымҩахь рхы шәырхоит.

Гәык-ԥсык ала Шәара, Аԥшьалаша, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч Иԥшьоу Аиашахаҵаратә Уахәама акыр шықәса амаҵ аураҿы».