Print this page

Ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭаразы

Абҵара 09, 2023 80

Аԥсныпресс. Абҵарамза 1 азы имҩаԥысит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Мактина Џьынџьали русуратә еиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара апресс-маҵзура.

Аиԥылараҿы ирылацәажәеит ахәыҷқәа амедицинатә цхыраара рыҭара иадҳәалоу апроблемақәа. Ахшыҩзышьҭра ду рырҭеит зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәеи иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иақәшәаз аҭаацәеи ирылҵыз ахәыҷқәа. Аганқәа еиуеиԥшым ақәрақәа ирыҵанакуа ахәыҷқәа  ирыдҳәалоу апроблематә хҭысқәа ирыхәаԥшит.