Print this page

Ақыҭанхамҩа Аминистрра аконкурс рыланаҳәеит

Жьҭаара 26, 2023 106

Аԥсны ақыҭанхамҩа Аминистрра ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыжьразы ақыҭанхамҩатә тауарқәеи аҩнытә ԥстәқәеи  раахәаразы аилаӡарақәа рылахәхаразы иаарту аконкурс алахәхара азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

Ахәҭакахьала излацәажәо аҭыжьра аиҿкаареи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аус адулареи рзы иҷыдоу аиқәыршәагақәеи аматериал-техникатә хархәагақәеи роуп:

– ақыҭанхамҩатә обиектқәа рзы иҵәылаҵоу аҭел, аихыршьқәа, аргыларатә маҭәахәқәа;

– арԥхагатә каркасқәа, урҭ  рышьақәыргыларазы рхы иадырхәо аматериалқәа;

– арахә, аҩнытә ԥсаатә, аԥсыӡ, аҟашәа;

– аандақәа рыкразы аҵәҩанқәа;

– ацәықәбартә ӡықәҭәара асистемақәеи урҭ рыԥсахга хәҭақәеи;  

– аминералтә рҵәыгақәа;

– ақыҭанхамҩа аалыҵ аарыхра, аҭыжьра аиҿкааразы рхы иадырхәо аинвентари атауарқәеи;

– аргылара-еиқәыршәаратәи аветеринартәи агротехникатәи усурақәа  рымҩаԥгара.

Аконкурс алахәхаразы азыҳәамҭақәа рыдыркылалоит жьҭаарамза 27-нӡа, 2023 шықәса.