Print this page

Аицлабрақәа ирылагеит АРМИ-2022

Нанҳәа 25, 2022 240

 

Аҧсни, Венесуелеи, Аахыҵ-Уаҧстәылеи, Мали, Камеруни, Камбоџьеи, Киргизиеи рҟнытә аррамаҵзуҩцәа раҧхьаӡа акәны иалахәуп «Арра-медицинатә естафета» аконкурс. Уи аатит Киров ихьӡ зху Арра-медицинатә академиа ашьаҭала Ленинградтәи аобласт Красное Село аҟны, – иаанацҳауеит Аҧсны атәылахьчара аминистрра асаит.

«Хаҭалатәи азҟазара» апрограммала аконкурс раҧхьатәи аицлабра акәны иҟалеит атир аҟны ахысра. Аҳақьымцәа еицлабуан Макаров итапанча ҳәа изышьҭоу ала 25 метр ахьыбжьаз ахысрала. Актәи анапаҿы уснагӡатәны ирыдын минуҭк ала ацәҟьара иақәкны 10 патронак рҭыҟьара. Аиҵбыратәи абжьаратәи амедицинатә ҟәша ахаҭарнакцәа АК-74 автомат ала ишьҭаианы 100 метр ахьыбжьаз ихысуан. Хаҭалатәи азҟазара агәаҭара аҩбатәи аетап акәны иҟан аиҵбыратәи абжьаратәи амедицинатә усзуҩцәа аҧынгылақәа рцәаҳәа ахысра.