Print this page

Аҧышәа аимдара хәарҭара алазаауеит

Жьҭаара 17, 2023 230

Адыгатәыла иҭыҵуа ареспубликатә газеҭ «Адыге Моҟәи» аҧсуа газеҭ «Аҧсни» аусеицура хацдыркит.

Ааигәа Маиҟәаҧ иаҭааит агазеҭ «Аҧсны» аредактор хада Ахра Анқәаби  Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет В.Анқәаб ихьӡ зху Аҧсуа-адыга филологиа ацентр алаборант еиҳабы Асмаҭ Беиаҧҳаи. Урҭ аиҧылара рзеиҿкаан агазеҭ «Адыге Моҟәи» аредакциаҿы.

Агәанагарақәа  реибыҳәараан аредакциақәа рнапхгаҩцәа рылацәажәеит аусеицура амҩақәа. Аҧсышәалеи адыга бызшәалеи наҟ-ааҟ аматериалқәа реимдареи рҭыжьреи ирзааҭгылеит.

–Ҳәарада, аусеицура аҭахуп. Иахьазы  иаауҭаху аинформациа аинтернет ала иуоуазаргьы, ухы иаурхәозаргьы, акьыҧхь актуалра  шалоу иаанхоит. Агазеҭқәе ирнылоит адунеи аҟны имҩаҧысуа ахҭысқәа: аполитикеи, ауаажәларреи, акультуреи, аспорти уҳәа ирызкны. Аха, зда ҧсыхәа ыҟам акәны иҟоуп ҳмилаҭтә бызшәақәа рыла аҭыжьра аус арҿиара, – иҳәеит Ахра Анқәаб аимадарақәа дырзааҭгылауа.

Ареспубликатә газеҭ «Адыге Маҟә» аредактор хада Саида Мешлок лакәзар, иазгәалҭеит рҭыжьымҭа амаҵ азызуа гәацҧыҳәарала рколлегацәа аус рыцура ишазхиоу.

– Ҳара даара ҳаигәырҕьоит «Адыга Маҟә» аус ацура аҭагылазаашьа ахьҳауз. Ҳжурналистцәа рҧышәа аимдара аидеиа ҳадгылоит, уи ҳазхиазаауеит, – иҳәеит Ахра Анқәаб.

Маиҟәаҧ иаҭааз адыга газеҭ аредакциа аусура шеиҿкаау ддырбеит, иҟан Амилаҭтә музеи аҟнгьы.