Print this page

Азҵаарақәа ирылацәажәеит

Жьҭаара 12, 2023 318

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Урыстәыла афинансқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсеи Сазанови анаҩстәи аҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылара далахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Алеқсеи Сазанов иазгәеиҭеит, иҳаракынгьы ахә ишьеит ҳҳәынҭқаррақәа рфинанстә усбарҭақәа еилибакаарала русеицура, иҳәеит дшақәгәыӷуа аԥхьаҟагьы уи лҵшәа бзиала ишацҵахо.

Аиԥылараҿы ирылацәажәан аԥсуа-аурыстә еиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра апроект ахәҭақәа иреиуоу ҩынтәтәи ашәахтә ақәҵара аанкылареи ахашәалахәы иақәҵахо ашәахтә амшәара аԥырҟәҟәаареи рызҵаарақәа.