Print this page

Аҧсны имҩаҧысит Чечентәыла акультура амшқәа

Хәажәкыр 24, 2023 150

Март 17 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭ­қарратә филар­мониаҿ имҩаҧысит ачечен жәлар рҳәынҭқарратә ансамбль «Ваинах» ақәгылара. Ари амчыбжь зегьы Аҧсны аҳҭнықалақь Аҟәа имҩаҧысуан Чечентәыла акультура Амшқәа. Иҵабыргны, асеиҧш мҽхакы ҭбаала ҳаиашьаратә жәлары, Аҧсны ашәарҭа ианҭагылаз зыжәҩахыр ҳадызҵаз ачечен жәлар ркультура ҳаламҧшыцызт.

Акультура Амшқәа раартра хацыркын Ф.Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр ахыбраҿы, М.Лермонтов иҩымҭа иалху аспектакль «Бела» ақәыргыларала.

Уи ааиртит Аҧсны акультура аминистр Даур Ақаҩба. «Ҳара алшара ҳамоуп арҭ амшқәа ирҭагӡаны ҳашьцәа ачечен жәлар рҟазара абара» ҳәа азгәеиҭеит иара иқәгы­лараҿы.

Иааидкыланы ҳара иаҳҭааит 150-ҩык рҿынӡа аҟазара знапалаку. Чечентәыла аурыс театр Лермантов ихьӡ зху атруппа, иара убас еиуеиҧшым арҿиаратә коллективқәа.

Чечентәыла Акультура амшқәа Аҧсны злахацыркыз аспектакль «Бела» ықәиргылеит Иури Ериомин, Москватәи арежиссиор. Ари атеатр раҧхьаӡа акәны иаҭааит Аҧсны. Аспектакль иалагаанӡа, Чечентәыла акультура аминистр Аишаҭ Кадырова лыдныҳәалара даҧхьеит уи лхаҭыҧуаҩ Марет  Баисарова.

Аҩбатәи амш азы Ражден Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы иқәгылеит А. Шахбулатов ихьӡ зху Чечентәыла афилармониатә оркестр, Рамзан Багасаев ихьӡ зху. Ахәаҧшцәа ирбеит, ирнырит ҳаиашьаратә жәлар рҟазара. Иқәгылаз ашәаҳәаҩцәа, амилаҭтә костиумқәа рыла иқәгылон. Иара убас, уажәы-уажәы иддырбон ақалақь  Грозныи асахьақәа. Ахәаҧшцәа гәахәарыла  ирзыӡырҩит ахортә капелла «Илла» инанагӡоз ачечен жәлар рашәақәа. Урҭ рықәгылара рҽаладырхәт ҳара ҳмузикантцәа қәыҧшцәа «Аҧсныфолк» иалоу. Аина Исаева лыкәашара ихнахыз ҳарҧыскгьы асценаҿ дықәҧраан длыцкәашеит. Акраамҭа еихсыҕьуамызт анапеинҟьабжьқәа.

Чечентәыла акультура Амшқәа хыркәшан март 17 рзы Р. Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониаҿ иқәгылаз ансамбль «Ваинах» аконцерт ала.

Иазгәаҭатәуп, ари ансамбль 2018 шықәсазы агастроль ҳасабла ишаҳҭаахьаз, Аҧсны Аиааира Амш 25 шықәса ахыҵра аназгәаҳҭоз. Ҳашьцәа рҟазара ҳаракы рбарцы арахь имҩахыҵыз ахәаҧшцәа афилармониа ҭбаа иазкуамызт. Аконцерт аартуа Аҧсны зҽаҧсазтәыз акультура аусзуҩы, афилармониа акультуратә ҟәша аиҳабы  Есма Џьениа иазгәалҭеит, ари Аҧсны азы ишыхҭыс дуӡӡоу. Ажәа илҭеит Чечентәылатәи асас, амҩаҧгаҩ Руслан Беналиев. Иара иҳәеит: ари аныҳәа, Акультура амшқәа имратәылоу Аҧсны амҩаҧгара алыршоуп ҳаҭыр зқәу Чечентәыла акультура Аминистр Аишаҭ Рамзан-иҧҳа Кадырова  лнапхгарала!

 Чечентәыла раҧхьатәи Апрезидент Ахмат Кадыров иҳәон «культурада изыҟалом амилаҭ». Амилаҭ жәлар рыкәашара иандырҧшуеит, рҟазшьа, рыҧшӡара. Ачечен жәлар рыкәашара ианыҧшуеит аристократизм, араҟа ҷыдала ҳаҭыр лықәын аҧҳәызба. Аваинахцәа еснагь ирзыҧҵәан акәашаратә етикет ҧҟаҧҵәа, зеилагара ҟамло! Сшәыҳәоит ашәымҭак иҭагӡаны шәҽалашәхаларц аваинах кәашара», – ихиркәшеит уи иажәа.

Аконцерт программа иалан иара убас аҧсуа кәашара. ачечен жәлар рыкәашара ҟазара дула иназыгӡоз аҭыҧҳацәеи, арҧарцәеи аҧсуа сцена дырлашон. Кәашара цыҧхьаӡа еихсыҕьуамызт анапеинҟьашьҭыбжьқәа. Ҳәара аҭахым, ахәаҧшҩы игәы зытҟәаз акәашацәа – урҭ ҟазацәа дуқәоуп. Аҟазара – ажәларқәа еидызкыло хьтәы цҳауп. Анцәа иумырӡын ҳаиҭанеиааира, наунагӡа ҳаиашьара!


Наира  Сабекиа