Print this page

Хашҭра зқәым

Хәажәкыр 10, 2023 147

Есышықәса жәабран ҩажәи хәба  аҽны  Кәтол ақыҭа уахьналало, иҭахаз  аибашьцәа  рыхьӡала игылоу  абаҟаҿы еизоит агәыҧ «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа. Абаҟа амҵан ишьҭарҵоит ашәҭқәа, иргәаладыршәоит иҭахаз рҩызцәа. Аҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз ргәалашәара аҿаҧхьа иааҭгыланы ихырхәеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аҧхьатәи амшқәа инадыркны аҧсадгьыл ахьчараз абџьар иаҵагылаз иреиуоуп Кәтолаа рыҷкәынцәа. Дара апартизантә гәыҧ аҧҵаны ақыҭа  уахьналало ахырҕәҕәарҭа  ааныркылеит. Ирымаз абџьар шырацәамызгьы ирылшоз аҿы рхы еигӡомызт, аҕа ирҭоз ааха  маҷмызт. Раҧхьатәи амшқәа рзы агәыҧ еиднакылоз рхыҧхьаӡара жәибыжьҩык ракәын.  Аамҭа цацыҧхьаӡа агәыҧ аилазаара еиҳа-еиҳа ихаҭәаауан. Атәым қыҭақәа рҟынтәигьы  иара иалалон, ахыҧхьаӡара еиҳахон абџьаргьы.

Леон иорден занашьоу Ахра Гәаланӡиа иҳәоит, аибашьцәа ргәыҧ «Дельфин» дшақәшәаз цәыббрамза 2 рзы, усҟан иара дызлаз аибашьцәа ргәыҧ Ешырантәи афронт Мрагыларахьтәи ахәҭахьы ииаргоит. «Сара санааи жәибыжьҩык аибашьцәа еиднакылон «Дельфин». Урҭ рахьтә хәҩык-фҩык ракәын автоматқәа змаз. Уаҳа  абџьар ҳамамызт. Аха, агәыҧ аиҿкаара бзиа аман. Иҟаҳҵон ахырҕәҕәарҭақәа, иаҳжуан аҭабиақәа. Агәыҧ есааира еизҳауан, уи иалалоз аибашьцәа рхыҧхьаӡара рацәаҩхон. Аибашьра анҵәамҭазы абаталион «Дельфин» иаҵанакуан 450 – ҩык аибашьцәа», – иҳәеит Ахра Гәаланӡиа.

Агәыҧ «Дельфин»  рылахәын Мрагыларатәи афронт аҟны аҵакы ҕәҕәа  змаз  ажәыларақәа жәпакы. Аибашьра адәаҿы  иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы аӡәырҩы  иранашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Жәабран ҩажәи хәба  зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи  жәаха шықәса рзы аҕацәа Мрагыларатәи  афронт ацәаҳәа иаҵанакуаз  ахырхарҭақәа зегьы рыла   мҽхакы  ҭбаала ажәылара мҩаҧыргеит. Хаха-хымш  ицоз аиҿахысрақәа раан аҕацәа ирылымшеит  аҧсуа  еибашьцәа рхырҕәҕәарҭа  иахысны ақыҭа  алалара. Леон иорден занашьоу Амиран Ҵнариа ибзианы игәалашәоит жәабранмза ҩажәи хәба рзы аҕацәа ихацдыркыз зымҽхак ҭбааз ажәылара  шымҩаҧысуаз. «Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иазкәу афильмқәа ҳанрыхәаҧшуа иаҳамбахьеи, абзарбзанқәа аныҧжәалак ашьҭахь алҩа хчылан, аӡәи-аӡәи еибамбо, аҳауа еишьылӡа ианыҟоу. Убасҵәҟьа иҟан абраҟагьы. Усҟан иҭахази ирхәызи рацәаҩын. Аха, ҳаибашьцәа ирылшеит аҕа иаанкылара. Ҳара иаҳхықәкыз уи акәын, ҳхыдҵа анагӡаразы ҳаигӡаӡомызт ҳхы», – иҳәеит аветеран.

Есышықәсеиҧш сынтәагьы, жәабран ҩажәи хәба аҽны  «Дельфин» иалахәыз аибашьцәа рыхьӡала игылоу абаҟаҿы еизаз аветеранцәа ирҳәон иахьеиҧш ишыргәалашәо урҭ ахҭысқәа, рыбла ишыхгылоу ирывыршьааз рҩызцәа. «Аибашьра зыҧсы ҭаны иалҵыз аветеранцәа иаҳуалуп урҭ  ргәаларшәара амырӡра.  Абри зегьы иамоу хықәкык ауп–изызҳауа абиҧарақәа рабацәеи рабдуцәеи рфырхаҵара рхамыршҭра, иахьа ирымоу аҭынч ҧсҭазаара зхы ахҭнызҵаз афырхацәа рыхьӡқәа анаунагӡатәра» ҳәа азгәарҭоит аветеранцәа. Егьа аамҭа царгьы,  аҧсуа еибашьцәа ргәымшәареи рфырхаҵареи  ҿырҧшыганы  иаанхоит изызҳауа  абиҧара рзы.


Елана Лашәриаҧҳа