Print this page

Ашәа шиҳәоз аԥсра иаԥылаз

Мшаҧы 19, 2026 112

Ацәажәара зцәыуадаҩыз аԥҳәыс ҭынч лхы лнапы аҵыргәаны, хәыцра дук далан. Ажәак-ҩажәак анылҳәалак дааҭгылон, дақәыԥсычҳауан. Аҩнуҵҟа амҵ ԥыруазар иуаҳауан. Илҳәарц илҭахыз игәаӷьны аҳәара дзалагомызт. Уи ацымхәра лықәыԥсычҳабжь ааҩныҩуан. Зан ацәажәара далазыргарц зҭахыз Папԥҳа Динара уажәы-уажәы лыла ҭырхаха лан дынлыхәаԥшуан. Нас лара лхала илгәалашәоз аҳәара дналагон.

Тәанба Валентина Владимир-иԥҳа 1993 ш. хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара ашьҭахьтәи лцәажәарақәеи лықәгыларақәеи згәаламшәода?! Уи лыбжьы иахьагьы слымҳа иҭаҩуеит. Лцәа-лжьы, лгәы кылзыблааз ахҭыс аҳәара акәым, агәаларшәара лцәыуадаҩын.

– Ашықәсқәа рацәаны ишцахьоугьы, уи ахҭыс ахаҵара сҭахӡам. Варлам иарбан аамҭазаалакгьы, дзықәшәозаалак аҟны алҵшьа дақәшәон, уск изымыӡбакәа иаанымхаӡацызт… Убри азакәхап аҵыхәтәанӡа агәыӷра зҳамаз, уажәымзар уашьҭан даабоит ҳәа, аха… Тәанба Владимир аԥсуа чеиџьыка згымыз иҩнаҭаҿы иԥшәма Григолиа Наҭеллеи иареи хҩык ахшара рааӡеит: Валентина, Валикәа, Варлам. Раб дҽыбӷаҟазан, ихәыҷқәагьы аҽықәтәареи ашәарыцареи рылаиааӡон. Зхызгәы азцоз еиҳарак Варлам иакәын, –иҳәеит иашьа Валикәа, – ҽырҩрак дагханы иҟамлацызт. Аҽтәы спорт даара бзиа ибон. Аицлабрақәа иҽрылаирхәуан, аԥхьахә агараҿы ақәҿиарақәагьы иман. Уи икәадыр, иаӷәра, аҽы амаҭәахәқәа зегьы иман, деиҷаҳауан. Иара ишаанижьызҵәҟьа – убас иҟоуп… Иахьа аҽырҩрақәа анымҩаԥысуа иаҳәшьа Валентина лыбла иалырбаӡом, дахәаԥшӡом… Иара илаз, иҟаиҵоз анагӡареи аҟаҵареи цәгьоуп. Иҟамзаара есааира иаҳныԥшуеит…

Тәанба Варлам Владимир-иԥа диит 1956 ш. апрель 5 рзы Гәдоуҭа араион Дәырԥшь ақыҭан.

– Варлам, – лҳәеит Валентина, – дхәыҷы еилҷҷан, дласын, иаҳауаз иаразнак игәникылон. Ахәыҷқәа анеицыхәмаруазгьы иара дхадан. Зегьы иара изыӡырҩуан, ииҳәоз нарыгӡон. Даара дуаҩрыцҳашьаҩын, дыгәшаҭан. Имаз иреиӷьыз иҩызцәа ириҭон. Даныхәыҷыз инаркны иазҵаауаз рацәан… Ианизҳа Аԥсны ахиаҵыхәеи аҩызцәа иман. Урҭ рԥылара, рынаскьагара аҭаацәа зегьы ҳалаирхәуан, ҳаргьы ҳарзааигәаны ҳаҟан… Варлам ҟазшьа ҷыдак иман. Уи иҩызцәа зегьы ирдыруан, амц баны даанхомызт…

Варлам Тәанихәатәи абжьаратә школ даналга амашьынаныҟәцаратә курсқәа дырҭалоит. Гәдоуҭа ақалақь аҟны машьынаныҟәцаҩыс аусура далагоит. Иԥсы еиԥш бзиа иибоз иқыҭа Дәырԥшьҟа диасуеит. Уаҟа аингаларатә пункт аҟны дкылаҩыс дрыдыркылеит. Аус иуанаҵы зымаҵ иуаз анхацәа бзиа дырбеит, дызҿызаалак аҵыхәтәанынӡа инаигӡон, иус цқьан. Абас, уаха-саха ҳәа ҩнапыкны аус шыруаз ауп аибашьра ишалагаз.

Аибашьра ианалага аҽныҵәҟьа аишьцәа Варлами Валикәеи аԥсадгьыл ахьчаразы рашҭа иҭыҵит. Тәанба Варлам Аҟәа, Ацҳа ҟаԥшь аҿы иҷаԥшьоз ҳаԥсадгьыл апатриотцәа рыгәҭацәҟьа дгылан. Нас Гәымсҭа ацҳахь данынаскьарга иҩызцәеи иареи аҵх лашә рҽалак изныкымкәан ԥшыхәра ицахьан. Уаантәи Гагратәи ахырхарҭаҿы ажәылара зҽазызкуаз арԥарцәа дрылагылан.

– Гагра аҭарцәраан, – иҳәеит иашьа Валикәа – уи ахәра иоуит. Исаҳаит дышхәыз, аха иԥсҭазаара ашәарҭа ишҭагыламыз анеилыскаа, сҩызцәа сзаанмыжьит. Иара агоспиталь аҟны даанымхаӡакәан, ибзианы иидыруаз аҷкәынцәа злаз, Гарцкиа Авҭандил командирс дызмаз «Евкалипт» далалеит.

«Агәымшәаразы» амедал занашьаз Ҭаниа Анзор игәалаиршәон: – Варлам ҳаниба дҳаигә́ырӷьеит: – Дәрыԥшьаа шәрацәаҩӡоуп, аиааира иаҳагьы агәра зго сҟашәҵеит – ҳәа даалафит. Варлам алаф бзиаӡаны иҳәалон, иахьынтәааигоз аҳәара уадаҩын. Уи игәалаҟазаара зегьы ҳарӷәӷәон. Иара игәымшәара, иеилҟьара, иласра аибашьра адәаҿы ицхраауан. Иуадаҩуп ухаҿы аагара аӷацәа дышдыргәаҟуаз… Аибашьцәа Варлам иҭоурых ззымдыруа, измаҳац дыҟамзар ҟалап. Афотосахьа иахәаԥшуазаалак ихәы-ижьы еилагылоит.

Иара џьара шәарак шицым, иҿаԥшылараҵәҟьа иунарбоит… Ашәара зхы-зҿы ианубаалауа, рышьҭахь игыло аӷацәа роуп.

Тәанба Варлам аԥсрагьы хаҵаҵас иаԥылаз еибашьҩуп. Хәажәкыратәи ажәылара ҟалараны ишыҟаз ҳаибашьцәа ирдыруан. Уи аҽны Варлам иаб иашьа Тәанба Кәынҵал иԥсыжра амш акәын. – Варлам идыруан, – лҳәеит иаҳәшьа Валентина, ажәылара дышцоз. Аха ҳаб иашьа дыржаанӡа ацара иламыс инамырҟаҵеит. Дгәаҟит, дуазырит, ичҳаит… Анышә данарҭа даасыдгылан лаԥшыла ҳаицәажәеит, дахьыццакуаз еилыскааит. Акызаҵәык: «Уӷәӷәаӡам, ухәра мӷьаӡацт… «анысҳәа, сажәа ааҿахиҵәеит. – Сҩызцәа зегьы цахьеит, сҽырхьызгӡароуп! – ҳәа. Абас хәажәкыра жәохә рзы ҳаиԥырҵит…

Тәанба Варлам дызлаз акоманда «Евкалипт» афронт ахь ицахьан. Варлам данрыхьӡа, ииашаҵәҟьаны, рҭыԥқәа шааныркылашаз иалацәажәахьан, асиақәа еиқәдыршәахьан.

Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараҿы ҳаибашьцәа иаадырԥшыз афырхаҵара аҭоурых ианылоит. Уи иаартны иаԥхьо абиԥарақәа кәицҵас ахьаа рызцәырызго, аҭоурых зыхәаҽра уадаҩны иаанхо – хҭыс гәыҭшьааганы ажәлар ргәаҵаҿы иаанхоит… 222-ҩык Афырхацәа наӡаӡа ҳҭоурых иахаҿны иаанхоит…

Тәанба Варлам дызлаз агәыԥ иҩызцәеи иареи Ачадара игылаз асаркьа аҟны ихалеит. Аибашьҩы, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Чкотуа Вадим игәалаиршәоит:

– Варлам ихәра аҽарцәгьазар акәхап, иӷра инапы адкылан… Аибашьра ӷәӷәа цон, асаркьаҟынӡа ҳнаӡеит. Нас досу ҳашзахәоз ҳжәылон, ихәыз алаҳгон… Уи ашьҭахь уаҳа ихабар ҳамбаӡеит…

Гәымсҭа нырцә ҳаибашьцәа аӷацәа ианрылашәа Варлам «Ԥхьаҟа!» ҳәа ибжьы гон. Агәышьҭыхра зцыз иажәақәа ирхамшҭуа иҩызцәа ирзаанхеит.

Тәанба Варлам иаҳәшьа Валентина дахьцарыз лыздыруамызт. Лашьа Валикәа Гагра анҭадырцәы ашьҭахь Быҭәба Закан командирс дызмаз агәыԥ Сальмеҟа ирышьҭит. – Сашьа дзыхынҳәуам ҳәа схаҿы иааиуамызт! Уи убасҟак деилҟьан, аӷацәа рнапаҵаҟа ҟалашьас иоуз акызаҵәык ауп. Ихәра ахьаа инаҭаз имчқәа илнахзар акәхап… Уаҳа даҽакы ҟалашьа амамызт.

Валенитина дзызхәыцуаз, лашьа Варлам иԥшаара акәын. Закан Маршьан иаҳәшьа Шьазинеи лареи Аҟәаҟа аибашьра ицоз ирыцны рашьцәа рхабар рзеилкаауазар ҳәа ицеит. Аԥсышәала имцәажәартә рарҳәеит, Аҳабла ҿыц аҟны акгьы анырзеилымкаа, ирыцыз Аҟәа аџьармыкьаҿы иргеит. Абраҟа ашәанцәа ргәыԥ аҿы инапқәа ҿаҳәаны, дҭакны дрымоуп ҳәа раҳаит, аха рыԥшаара мап рцәыркит. Шьҭахьҟа ихынҳәыр акәхеит. Гәымсҭатәи ацҳаҿы аӷацәа иоурмышьҭуа иалагеит. Аԥсуаа рганаҿы абылтәы ҳамоуп, ҳаушәышьҭыр ишәаҳҭоит ҳәа рарҳәеит.

Абылтәи ацҳа рықәсреи еиҭнырԥсахит. Тәанба Валентина дахьымцаз, дахьымнеиз, еилылымкааз арбан?! – Дәырԥшьаа ҳаҷкәын, – лҳәеит Валентина, – Ҳагба Гәрам аибашьҩы, Тәанба Варлам иԥсы ҭоуп ҳәа агәра идыргеит ақырҭцәа. Ҳаибашьцәа аныҷаԥшьоз ақырҭцәа ирацәажәон, убри аицәажәараҿы ауп Варлам иԥсы ҭоуп ҳәа ахьырҳәаз. Ицәажәоз ақырҭцәа Варлам иԥсахразы Хыԥсҭа инхоз ҷкәынаки аԥсцәеи шырзаагатәу рҳәеит.

– Иаарҳәаз зегьы ҟаҳҵеит, – лҳәеит Валентина, - аҷкәынгьы дааҳгеит, аха сашьа ихабар ыҟамызт… Инаҳгаз аҷкәын деиҵақьызқьызны аҵәуара даналага, дрысымҭар сзымгәаӷьит… Сашьа дахьыбжьаӡыз аилкааразы адгьыл сыҵаланы сыҵысит, аха дсыԥшаартә аҭагылазаашьа ҟамлеит… Сыздымгылада?! Сабамԥшааи, аха еилкаашьа зыҟамлеит…

Тәанба Варлам иҭаацәа зегьы рылаԥш агәашәахь ихан, ҳаибашьцәа Аԥсны Аиааира абираҟ анахадыргыла амш хашҭшьа амамызт.

– Варлам иҩызцәеи иареи ирымбаз назыгӡаз зегьы аныҳәаԥхьыӡ рыцзааит, – лҳәеит Валентина, – Аҟәа зегьы хәыц-хәыц еимданы, ауаа ҳразҵаауа ҳшалаз, иҳаҳаит џьоукы Учхоз хәажәкыратәи ажәылараан амандаринақәа рыҵаҟа анышә иарҭаз аӡәы «Шанель» ҳәа шиарҳәоз… Варлам аибашьра данцоз ишәыз амаика «Шанель» ҳәа ианын, иара иоуп ҳәа ҳцеит, аха уи даҽаӡәын. Убас ҳашдәықәыз Варлам иҩызцәеи иареи иршьразы ианыргоз афотосахьа шьоукы иаҳдырбеит. Иԥсы шҭамыз убраҟоуп иахьеилыскааз… Варлам ибаҩ ҳаԥшааит аибашьра ашьҭахь аиашьаратә нышәынҭра иаадыртыз аҟны. Апатреҭ аҿы аԥхьа игылоу Тәанба Варлам иоуп. Уи ивагылоу дермануп, Ԥсахара ацҳа уахьныҵҵуа дынхон. Рышьҭахь игылоу зхы-зҿы убо, ашьрахьы изго, Аҟәа инхоз Хвинџьиа Борис иоуп, ганха игылоу адҵаҟаҵаҩ аинрал Гена Адамиа иоуп.

Аҟәа инхоз ауаа ирбартә, ираҳартә иршьразы ирыманы ицон. Варлам аԥсышәала ашәа иҳәон, аермангьы ицирӷызуан. Уи иараапкыз Хвинџьиа идҵа ирӷәӷәон, ибџьардаз ҳаибашьцәа иргәаҟуан…

– Варламгьы, иҩыза аермангьы, иҳәеит иашьа Валикәа, – еибгаз баҩы рылаӡамызт. Урҭ аԥсразы агәаран иқәгылан… Аҵыхәтәан ҩынтә-ҩынтә рыхәда иаҵакны еихсуеит… (ацҵара уадаҩуп…). Тәанба Варлам дҭаацәаран, Ҷантуриа Есмеи иареи ирхылҵыз Рафаель аибашьра анцоз ф-класск рҿы дтәан. Иахьа дҭаацәароуп. Рабду иҩызцәеи иареи еиқәдырхаз ҳаԥсадгьыл аҟны инхоит.

– Варлам, – лҳәеит иаҳәшьаԥҳа Динара, – иӡбахә еснагь ҭаацәала иазыӡырҩуеит, аҭоурых иазҿлымҳауп, рыԥсадгьыл бзиа ирбоит.

Тәанба Варлам зыԥсадгьыл зыԥсы ахҭнызҵаз, зԥазаҵә ихәышҭаара хәыжжаӡа еиқәызҵаз, зҭаацәара ирызгәдуз, ҳҭоурых адаҟьақәа рҿы наӡаӡа зҭоурых шьала ианызҵаз, иҭахаз зегьы ҳажәлар рзы баагәараны игылаз хашҭра рықәӡам. Варлам Владимир-иԥа ианашьоуп Леон иорден. Тәанба Варлам аҳҭны-қалақь Аҟәа «Ахацәа рашәа» ҳәо, ихы шьҭых ԥхьаҟа дышцоз блала избаз, ахааназ ирхамшҭуа рыбла ихгылазаауеит. Ашәа ҳәо аԥсра иаԥылаз иӷәӷәареи, игәымшәареи ҳаԥсадгьыл азы гәадуроуп…

Гугуца Џьыкырба