Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба тҟәарчалаа ақалақь амш рыдиныҳәалеит

Мшаҧы 09, 2026 22

«Тҟәарчал Аԥсны аҭоурых ҿыц аҿы аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Жәашықәсала атәыла аиндустриатә центр хадақәа ируакын, мҽахы ҭбаала иҿион.

Тҟәарчал аҭоурых аҿы адаҟьа ҷыда ааннакылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа. Аблокада хьанҭа шәахысит. Ахьҭеи амлакреи шәыриааины шәеидгылеит, шәҭагылазаашьа шыуадаҩызгьы ахҵәацәа шәыдышәкылеит.

Аԥсны ахақәиҭра зхы ақәызҵаз тҟәарчалаа рфырхацәа ахаангьы хашҭра рықәӡам!

Иахьа Тҟәарчал аиҭакрақәа мҩаԥысуеит: ақалақь ахаҿра есааира еиӷьхоит, аинфраструктура ҿиоит, уи ҩаԥхьа асасцәа рзы иаартхеит. Зегь раԥхьа иргыланы уи ақалақь ауааԥсыра ишәыбзоуроуп.

Аҳәынҭқарра аринахысгьы иалшо зегь ҟанаҵалоит Тҟәарчал аҿиареи ауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи рзы», - иҳәеит ахада.

Гәынба ақалақь-фырхаҵа Тҟәарчал ауааԥсыра ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аизҳазыӷьара.