Print this page

Мадина Бигәаа лцәыргақәҵатә проект ASHAMTA аатит ацәыргақәҵатә зал хадаҿы

Мшаҧы 08, 2026 13

Уаҟа ицәыргоуп анышәаԥшьӡы, аграфика, аҿыханҵа, агобеленқәа.

Асахьаҭыхыҩ лажәақәа рыла, лырҿиара апринцип хада аинаалара ауп, ажәытә бырзенцәа шазнеиуаз ала – «адәахьтәи аинаалара аҩныҵҟатәи агәабзиара иамҩоуп».

Ацәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиа аусмҩаԥгатә аартуа иазгәалҭеит, Мадина Бигәаа лекспозициақәа еснагь ари азал аҿы ишцәырылго.

«Мадина лусумҭақәа иаадырԥшуеит асахьаҭыхыҩ иҟазареи ирҿиареи амузеиқәеи, агалереиақәеи, ацәыргақәҵатә залқәеи рҳәаа ирҭыҵыр шакәу, уи ауаа есыҽнытәи рыԥсҭазаара ишахәҭакхо», – лҳәеит лара.

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Диана Хынҭәба иазгәалҭеит асахьаҭыхыҩ лырҿиара ишаныԥшуа абаҩхатәра ҷыда.

Ацәыргақәҵа аартызаауеит мшаԥымза 30 рҟынӡа.