Print this page

Руслан Бганба агәыҳалалратә фонд «Ашана» ахылаԥшратә хеилак ахь далхуп

Мшаҧы 08, 2026 16

Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба агәыҳалалратә фонд «Ашана» ахылаԥшратә хеилак ахь далхуп ҳәа аанацҳауеит афонд Telegram-канал аҿы.

Уи иалхразы аӡбамҭа еицҿакны ирыдыркылеит.

«Агәра ганы сыҟоуп уи иԥышәеи, иҟәыӷареи, ауаа рыцхырааразы имоу агәазыҳәареи аус ҿыцқәа рзы ишьаҭа ӷәӷәахап ҳәа. Руслан изеиӷьасшьоит агәацԥыҳәара, аманшәалара»,— ҳәа азгәалҭеит афонд адиректор Мактина Џьынџьал.