Print this page

Ақалақь асимвол дырхынҳәит: Тҟәарчал адәахьтәи асааҭ ҿыцқәа шьақәдыргылоит

Мшаҧы 08, 2026 18

Тҟәарчал шьаҭаркуижьҭеи 84 шықәса аҵра аламҭалазы иҷыдоу асимволтә ҵакы змоу аҳамҭа аиуит.

Згәы былуа ақалақьуаа Наур Минџьиеи Беслан Ҭарбеи рықалақь гәакьа адәахьтәи асааҭ ҿыцқәа арҭеит.

Асааҭ адизаини амҽхаки жәашықәсала Тҟәарчалтәи ГРЕС зырԥшӡоз Асовет сааҭқәа рҩыза ауп. Ақалақь ауааԥсыра рабиԥарақәа жәпаҩы рзы урҭ асааҭ Тҟәарчал аиндустриатә мчхареи аусуратә ритми ирсимволын.

«Атәылауаа рхала ас еиԥш аԥшьгарақәа аныҟарҵо ақалақь аԥсы ҭоуп ауп иаанаго. Арҭ асааҭқәа ҳақалақь-фырхаҵа аҿиара аепоха ҿыц аминуҭқәеи асааҭқәеи рыԥхьаӡалоит. Ҭабуп ҳәа расҳәоит Наур Минџьиеи Беслан Ҭарбеи ҳзеиԥш қалақь ахаҿра арԥшӡаразы зыхә ҳараку рлагалазы», – ҳәа азгәеиҭеит Тҟәарчал араион ахада Герман Каҷараа.

Асааҭ ахьықәыргылахо аҭыԥ араион ахадара хара имгакәа иалнахуеит.