Print this page

«Дшыкәашоз еиԥш деибашьуан»

Мшаҧы 08, 2026 65

Даур Қарбеи-иԥа Акаба – аԥсуа сцена ахьшьыцба, адунеи зегьы аԥсуа жәлар рыкәашарақәа азырдырыз, ҳмилаҭтә культура аҳаракыра адунеи ажәларқәа ирыхзырҵәаз.

Ҷлоу ақыҭа инхоз Қарбеи Акабеи Нора Шьынқәырԥҳаи ирыхшеит ԥшьҩык ахшара, ҩыџьа аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи. Аҷкәынцәа иреиҳабыз Даур диит 1966 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Аҵара иҵон Ҷлоутәи абжьаратә школ аҿы.
«Иара ԥхашьаҩык иакәын, мыцхәы дцәажәомызт, аха даара деилҟьан, дласын, аҵара бзианы иҵон, аиҩызара пату изақәын, иан лымкаала дрыцҳаишьон, мыцхәы длыхӡыӡаауан»,–лҳәеит иаҳәшьа Анжела Акаԥҳа.

Даур ашкол дышҭаз далалоит уаҟа еиҿкааз, В. Берулаа напхгара зиҭоз акәашаратә ансамбль «Шарԥыеҵәа». Аабатәи акласс дшалгаз акультура-ҵаралашаратә ҵараиурҭа дҭалеит. Иаарласны ибаҩхатәра еицгәарҭеит. Убри азоуп аҵара шиҵоз Едуард Бебиа напхгара зиҭоз ансамбль «Шьараҭын» дзаларҵазгьы. Арԥыс илаз абаҩхатәра даара иџьеишьон инапхгаҩы Едуард Бебиа. Акәашара зегь раасҭа ицәгьаз аелементқәа иқәманшәалахон. Икәашарақәа раан ахәаԥшцәа ршьапы иқәгыланы рнапқәа изеинырҟьон, дкәашаны даналгалак даҽазныкгьы асценахь иԥхьон. Ус, арра иԥхьеит, аррамаҵзура дахысуан Владивосток ақалақь аҿы. Арратә уалԥшьа анихига ансамбль ахь дхынҳәуеит. Даур иҩызцәа ихыхәмарны «Гуслик» ҳәа иарҳәон, асахьаркыратә фильм «Хҩык атанкистцәеи лаки» аҟны афырхаҵа хадацәа руаӡәк Гуслик ихьӡын, Даур убри диеиԥшныршьалон, иаргьы алафҳәареи, ахәмарреи бзиа избоз ҷкәынан, лассы-лассы иҩызцәа ргәалаҟазаара шьҭихуан.

Аԥсны аҟазаареи аҟамзаареи раамҭазы, аԥсадгьыл ахьчара анаҭахха абџьар шьҭихит, фырхаҵарылагьы иуалԥшьа наигӡон.
Аибашьра ианалага иҩызцәеи иареи Ҭырқәтәыла агострольқәа рахь иҟан. Август 17 аҽны уахьынтәи ихынҳәит, иаразнак абџьар днаҵагылеит.

Раԥхьа дыҟан Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы, М. Хәарцкьиа ибаталион далан, игәымшәара гәаҭаны арота акомандирс далырхуеит. Даур командирк иаҳасабала, иҩызцәа, дреиҷаҳауан, дрыхӡыӡон. Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара далахәын.
Аибашьҩы хьаас иман Ҷлоу ақыҭа иалахан иҟаз иҭаацәа. Дааур иԥшәмеи иҷкәын хәыҷи рзы игәы ҭынчын, урҭ аибашьра ианалага иԥшәма лҭаацәа рахь, Џьырхәаҟа ицеит. «Агәымшәаразы» амедал занашьоу иашьеиҵбы Адамыр далан Ҷлоуаа ргәыԥ «Урал». Даур изныкымкәан иҽԥишәахьан Мрагыларатәи афронт ахь ацара, далан октиабр мзазы Очамчыра иӡхыҵран иҟаз адесант, аха уи лыҵшәадахеит. Аҵыхәтәан Даур Акаба дназлаз гәыԥҩык аибашьцәа Гәдоуҭантә Тҟәарчалҟа ацара рылдыршеит. Арԥыс дызлаз агәыԥ «Беркут» Кәачара, Ануаа рхәы, Лашькьындар рхы иақәиҭыртәуан. Лашькьындар ақыҭа аӷа хәымга ааха анирҭоз аамҭазы ахәра иоуит, аибашьҩы ддәықәҵан Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь. Ихәра мӷьацкәа, ҩаԥхьа Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭа аибашьра ацәаҳәахьы днеит, дагьалалеит абаталион «Шьараҭын».

Март 15-16 рзы Аҟәа аха­қәиҭтәраз ажәылараан еиҭа ахәра иоуит, аха иара убригьи дааннамкылеит, деиҭахынҳәит иҩызцәа рышҟа. Иҩызцәа ражәақәа рыла, Цугуровкаҟа идәықәҵан 3-баталионк, аӡылас даара иӷьын, арсрагьы цәгьан. Даур иоуп ашаха кны иҭалазгьы, аӡы дагоума уҳәарын, ашаха изымкӡеит аԥхьа, убриаҟара аӡы ӷьын. Ашаха ицәцеит, аха ииулакгьы илиршеит арсра, нас иаанхаз аҷкәынцәа ашаха ала ирылшеит аӡы арсра. Шрома ахақәиҭтәраз ажәылараан фырхаҵарыла дҭахеит агәыԥ «Шьараҭын» акомандаҟаҵаҩы Руслан Кәлаа. Раԥхьагыла данрыԥха, еицҿакны ихаҭыԥан далырхит Даур Акаба.

Аԥсны ахақәиҭтәразы ажәылара цон, аибашьра еилашуан, астратегиа ду змаз Аҟәа ахы ақәиҭтәразы, уи адҵа змаз иреиуан агәыԥ «Шьараҭын» иалазгьы. Аҟәа ахақәиҭтәраз ажәылараан, Аҟәатәи ашьхаҿы иоуит ахәра ӷәӷәа, аха иҩызцәа аанижьуамызт. Еиуеиԥшым ахырӷәӷәарҭақәа рыла ижәылон ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа, урҭ еиҳа-еиҳа иааигәахон, агәымшәа ишиҟазшьаз еиԥш джәылеит ԥхьаҟа. Убри акәхеит, иԥсҭазаара ҿахҵәеит афырхаҵа, аӷа хәымга иҭирҟьаз ахы цаҳә-цаҳә аибашьҩы игәыҵәҟьа иҵашәеит. Издыруада ҵлак днавагылазҭгьы, ма иҽыныԥхьеикызҭгьы даанхаргьы, аха уи аҩыза иҷыдаҟазшьамызт аԥсуа хаҵа. Иԥсҭазаара ҿахҵәеит 1993 шықәса цәыббра 24 рзы, Аҟәа ақалақь ахы ианақәиҭыртәуаз аҽны иара анышә дамардеит.
Даур ицеибашьуаз иҩыза Алик Хәаџьаа «Дшыкәашоз еиԥш деибашьуан»,- ҳәа изиҳәахьан.
Даур Қарбеи-иԥа «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп. Уи иҭынхеит аԥеи аԥҳаи. Иԥа Алмас дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп, иԥҳа Ансита аҭаацәара даламлац. Иԥшәмаԥҳәыс Альбина ахәыҷқәа рааӡара лнапы алакуп, дааӡаҩуп. Иара дыҟам ауп акәымзар, ишьҭахьҟа аҭаацәа ԥшӡа иҭынхеит.
Даур Акаба иаԥсы ҭаны иуаажәлар дрылагылазҭгьы, сынтәа ихыҵуан 60 шықәса.

Марҭа Гәарамиа