Print this page

Аполитикатә ҭышәынтәалара аекономика иауасхыруп: «Аԥсны акзаара» иҟанаҵеит имҩаԥнагаз астол гьежь аихшьалақәа

Мшаҧы 02, 2026 17

Астол гежь алахәылацәа «адәахьтәи адемократиа» апарадигма арҿиара астратегиахь аԥсахра хымԥадатәиуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, уаҟа абизнес ахьчара амилаҭтә суверенитет аҿы акрызҵазкуа хәҭаны иҟалоит.

«Акапитал еснагь иалнахуеит
азакәан аус ахьауа аҳәынҭқаррақәа», - ҳәа агәра ганы дыҟоуп апартиа ахантәаҩы Алхас Барзаниа.

Афорум аҿы ажәалагала ҟарҵеит «аконституциатә пакт» рыбжьарҵарц азы. Аиқәшаҳаҭра шьаҭас иаиуроуп аԥҟара, атәылаҿы амчра, ма аполитикатә хырхарҭа аҽаԥсахыргьы аинвесторцәа иҭышәынтәалоу ашәахтәқәеи азакәани шыҟоу ала агәрагара рызҭо.