Ацәыргақәҵаҿы иубар ауеит аҩычагақәа, арԥшӡагақәа, амузыкатә инструментқәа, иара убас еиуеиԥшым ахаа-мыхаақәа. Араҟа аҭааҩцәа ирбар ҟалоит аԥсуа дизаинерцәа иаԥырҵаз амилаҭтә маҭәа.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит мшаԥымза 4-нӡа, уи иаҭаахьеит ақалақь ауааԥсыра реиԥш уи асасцәагьы.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи афорум асасцәеи злахәу ацәыргақәҵа официалла аартра ацеремониа мҩаԥгахоит мшаԥымза 3 рзы.
«Аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәеи, анапҟазацәеи, адизаинерцәеи адгылара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны ацәыргақәҵа еиҿнакааит акультура аминистрра. Ари иалнаршоит аҭыԥантәи аалыҵ аӡыргара, иара убас аимадара ҿыцқәа рышьақәыргылара», - ҳәа Аԥсныпресс иазеиҭалҳәеит акультура аминистрра акреативтә економикеи акультуратә индустриеи рыҟәша аиҳабы Светлана Габуниа.
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы, иара убасгьы ишьақәыргылоуп Аԥсны асоциал-економикатә ҿиареи, ареспубликаҿы инагӡоу зымҽхак ҭбаау апроектқәеи (В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа», аҩызауад «Ачба Иашҭа», арыжәтәқәа рзауад «Кристалл», ахш зауад «Ахш ашҭа» уб. егь.) ртәы зҳәо акыдҩыларақәа.
Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи русеицура еиуеиԥшым аганқәа зныԥшуа астендқәа шьақәыргылоуп асқьалаҿы.