Аделегациа ааит Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны – ԥхьаҟатәи аинвестициақәа» рхы аладырхәырц азы.
Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара ахантәаҩы Ӡамболат Тадтаев, уи ихаҭыԥуаҩ Сармат Котаев, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сармат Чочиев, Аахыҵ Уаԥстәыла Анапхгара ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.
Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Лаша Ашәба инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ Аԥсны иахьаҭааз дшеигәырӷьо, дазааҭгылеит аиашьаратә жәларқәа рыбжьара ишьақәгылаз аизыҟазаашьақәа рҵакы.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Алан Гаглоев иҭабуп ҳәа реиҳәеит ас еиԥшы аԥхарра зҵоу аиԥыларазы, агәрагара ааирԥшит имҩаԥысраны иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аусеицура арӷәӷәара ишазкхо.
Афорум мҩаԥысуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иаԥшьгарала мшаԥымза 2-4 рзы. Афорум ахықәкы хадақәа иреиуоуп атәыла аинвестициатә лшара аарԥшра, адәныҟатәи алахәылаҩцәеи ҳареи ҳусуратә еимадарақәа рырӷәӷәара, аусутә ҭагылазаашьа аиӷьтәра, аекономикахь ишиашоу аинвестициақәа ралагалара. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ақыҭақәеи агроааглыхратә комплекси рыҿиара.