Print this page

Зегьы ираԥхьагылоу

Мшаҧы 02, 2026 46

«Уаҩ иимбац, зеиԥш ҟамлац, иџьашьатәу бызшәоуп - аԥсшәа» - ҳәа иҩуан аҭырқәа ҵарауаҩ, изныкымкәа Аԥсны иаҭаахьаз аныҟәаҩы Евлиа Челеби. Ари ахшыҩҵак саназхәыцуа сара схаҿы иааиуеит «Аԥсышәала шәцәажәала» – ҳәа сышықәсқәа зегьы исаҳауа сҭаацәа ражәақәа.

Схәыҷы аахижьҭеи урысшәала ҳанцәажәоз еснагь аиҳабацәа иҳарҳәон: «Аԥсышәала шәцәажәала, ҳара ҳаԥсуаауп, аԥсышәала ҳамцәажәар ҳбызшәа ҳцәыӡуеит» –ҳәа. Аха усҟан схәыҷын, исзеилкааӡомызт, аиҳабацәа аныҟамыз урысшәала ҳаицәажәон сашьцәеи сареи.
Уажәтәи аамҭазы сара ашкол салгоит. Шьҭа сара издыруеит, еилыскаауеит, аԥсышәала ҳамцәажәалар ҳбызшәа шаҳцәыӡуа, иарада милаҭк аҳасабала ҳашзышьақәымгыло. Уажәы ахәыҷқәа урыс бызшәала мацара ицәажәоит. Зхатәы бызшәа ззымдыруагьы ыҟоуп, ацәажәара иацәыԥхашьогьы дубап. Сара исҭахуп зегьы рхатәы бызшәала ицәажәаларц. Урысшәа мацарала ҳцәажәо ҳалагар, ҳбызшәагьы ҳцәыӡуеит, ҳҵасқәеи ҳқьабзқәеи ҳзеиқәырхом.
Аԥсуа бызшәа иахьа ҭагылазаашьас иамоу Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны еилыскаарц азы, слыҿцәажәит ҳашкол адиректор Рамфела Радион-иԥҳа Чамагәуа. Уи абас салҳәеит: «Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны аҵара зҵо ахәыҷкәа рхыҧхьаӡара есааира аҽеиҭанакуеит, 81-ҩык инадыркны 92-ҩык рҟынӡа бжьаратәла шықәсык аҵара рҵоит. Иахьа аҵара зҵо рахьынтә аӡә иоуп иаԥсуам.

Ахатәы бызшәа ҳалацәажәозар, еиҳа ауадаҩра ахьыҟоу алагарҭатә классқәа рҟны ауп. Аиҳабыратә классқәа рҿы зегьы ԥсышәала ицәажәоит. Аиҳабыратә классқәа раԥхьаӡа ашкол ахь ианаауаз, усҟак рбызшәа амҳәара апроблема ыҟаӡамызт. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ауп ахәыҷқәа рбызшәа иаҳа ианыԥсыҽха. Уи зыхҟьо аҭелқәеи агатжетқәеи роуп. Иара убасгьы, аҩны ахәыҷы иҭаацәа урысшәала иацәажәозар ҟалоит».
Сара аҵара ахьысҵо Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ аҟны имҩаԥызгеит аҭҵаара, ашкол аҟны абызшәа ахьынӡардыруа еилыскаарц азы. Излеилыскааз ала, ашкол аҟны 7-ҩык аԥсышәала изцәажәаӡом. Урҭ аиҵбыратәи аклассқәа рҟны аҵара зҵо роуп. Аиҳабыратә классқәа рҟны аҵара зҵо рахьтә руаӡәк даԥсуаӡам, аха аԥсшәа еиликаауеит. Егьырҭ зегьы ибзианы аԥсышәала ицәажәоит.
Сгәаанагарала, ухатәы бызшәа, мыӡырц азы, аҭаацәа ахәыҷы дшыхәыҷу ихатәы бызшәала иацәажәозар ауп. Хатәы бызшәала, уимацәажәалар, изҳацыԥхьаӡа есааира ицәыцәгьахоит уи ахархәара. Убри аҟнытә, ахәыҷқәа, аҭаацәа, шәхатәы бызшәала шәцәажәала, шәацәыԥхамшьалан, ухатәы бызшәа уцәыӡыр, зегьы уцәыӡуеит.

Сара аинтернет саитқәа рҟны избеит абызшәа иазку, даараӡа сзырхәыцыз ахшыҩҵак, уи иаҳәоит абас: «Абызшәа ари ауаа рымҩа злаԥырҵо ахсаала ауп, иара иаҳнарбоит ауаа ахьынтәиааз насгьы иахьцо». Ииашаҵәҟьаны ҳбызшәа ҳҭоурых еиқәнархоит, анаҩстәи ҳамҩагьы иара ҳамамкәа иаҳзацҵом.
Ҳбызшәа алахьынҵа ҳара ҳнапы иануп, шаҟа иара ҳахӡыӡаауа аҟара, иаргьы ҳара иҳахӡыӡаалоит. Бызшәада – амилаҭ зыҟалом.

Самиа Барцыцԥҳа,
Дәрыԥшьтәи абжьаратә школ
11-тәи акласс аҵаҩы