Сазааҭгыларц сҭахуп аҵара ахьысҵо, Меқьҭи Амҷба ихьӡ зху Џьгьардатәи абжьаратә школ аҟны абызшәа аганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу. Ашкол ҳҭоуп 76-ҩык аҵаҩцәа. Иҟоуп милаҭла иаԥсуаам, аха дара аԥсышәала ицәажәартә еиԥш ирымоуп алшара. Хаҭала сазааҭгыларц сҭахуп сыкласс. Сынтәа ҳара ҳакласс аҟны жәаҩык аҵара ҳҵоит. Урҭ рахьтә аԥсшәа бзиан ирдыруеит ааҩык, ҩыџьа иԥсыҽны, аха ҳара ианакәзаалакгьы ҳцәажәоит аԥсышәала!
Сара слыҿцәажәеит ашкол аиҿкааҩ, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Саида Шьоҭа-иԥҳа Шларба. Лара дазааҭгылеит ашкол аҿы абызшәа аҭагылазаашьа, насгьы абызшәа еиқәырхагас иамоу атәы:
– Ҳәынҭқарратәуп аԥсуа бызшәа. Џьгьардатәи абжьаратә школ аԥсуа школуп, ус иҟан, иҟоуп иахьа уажәраанӡагьы. Аха иазгәаҭатәуп, Џьгьарда аҵара шырҵо милаҭла иаԥсуам, иаҭырқәцәоугьы. Аха уи дара ԥынгылак рнаҭом рыԥсҭазаараҿы. Избан акәзар, урҭ изланхо Џьгьардаа рҟынтә, ианиз нахыс ираҳауеит аԥсуа бызшәа, ашкол аҟынгьы аԥсуаа роуп излоу, убри аҟнытә рыкәша-мыкәша ираҳауа аԥсуа бызшәоуп. Иахьатәи аамҭазы иаҳԥылоит милаҭла еилаԥсоу аҭаацәагьы. Уи аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп ҳара ҳқыҭаҿгьы. Урҭ рахьтә иҟоуп аԥсшәа здыруа, иԥсыҽны еилызкаауа, мамзаргьы зынӡа иззымдыруа.
Алитературатә сахьаркыратә бызшәа еиҳа аҿиара ахьамоу ашкол аҿы ауп. Аҭаацәараҟны ауп абызшәа адырразы ахыҵхырҭа ахьыҟоу, нас уи еихаҳахоит ахәыҷбаҳчаҿы, уи анаҩс ашкол аҿы. Даҽа бызшәак ашьҭалара аҭахым ҳәа сахәаԥшуеит, ҳбызшәа кажьны.
Ҳара уеизгьы-уеизгьы аԥсуа бызшәа ҳмыхьчар ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Убри ахьчараҿы ҳажәҩахыр еибаҳҭароуп иахьатәи аамҭазы еиҵагыло аҿар. Уи аразҟы ҳара ҳнапы иануп.
Ихыркәшоит аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Гәлиа иажәақәа рыла: «Абызшәа зегь раԥхьа игылоуп - уи зегь аҵанакуеит». Ииашаҵәҟьаны, абызшәа ыҟазар, иҟазаауеит амилаҭгьы, уи ауп изгәылаку дара рҷыдара. Абызшәа аиқәырхаразы рацәак аҭахым, иарала ицәажәалатәуп, агәҭахәыцрақәа аарԥшлатәуп. Досу иара ихаҭа иаԥсшәа ҳараикыр, уи имилаҭ реиқәырхара дацхраауеит.
Нара Ҳашԥҳа,
М. Амҷба ихьӡ зху
Џьгьардатәи абжьаратә школ
11-тәи акласс аҵаҩы