Ҳаразиа иажәақәа рыла, аиҭашьақәыргылара хыркәшахоит аиааира амш аламҭалазы, лаҵарамза 9-нӡа.
«Асолдаҭ ихаҿсахьеи абаҟа ахаҭеи еиҭашьақәыргылоуп. Уажәшьҭа ишьҭаҳҵоит агранит, аҳаш ҳрыцқьоит. Иҿымцәаауа амцазы агазгольдер ҿыц шьақәыргылоуп, аусурақәа зегьы хыркәшахоит аныҳәанӡа», - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.