Print this page

Ақыҭа – иацы, иахьа…

Хәажәкыр 28, 2026 79

Аԥсҭазаараҿы гра бааԥсны иҳамоуп ганкы мацара азхьаԥшра, абара. Ацәгьа гәаҳҭаӡаргьы, «Аӡәы лыҵкы арахәыц ацәылӡон», – ҳәа, иаҳӡарц ҳалагоит, абзиа аган заҵәык ҳазааҭгылоит.

Аха, ажәытәан, ҵарада ахшыҩ аныҟаз, «Азҩа зӡаз иан дагеит», – ҳәа ирҳәоз ахшыҩҵак баша иаурҳәахуаз?!. Сара сгәаанагарала, абзиа ӡыргатәуп, абзырӡы ҳәатәуп, хымԥада, аха агха арҽеиразы, иҟоу шыҟоу аартны, имӡакәан иҳәалатәуп, уи хадароуп.
Ҳәарада, Аԥсуара ашьаҭа ахьыӷәӷәоу, иахьынтәалаго, ҳхатәы бызшәа, ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа рыԥсы ахьҭоу ҳаԥсуа қыҭақәа рҟны ауп.
Ҳабацәа, ҳабдуцәа рхаан еиԥш инҭырҳәцааны иҟагәышьам, аха уеизгьы еиқәырхоу маҷым. Хаҭала, сара, 2026 шықәса ақыҭа иашықәсны изларыларҳәаз ала, уи акәша-мыкәша иҟоу ацәажәарақәа ари атема сазхьадырԥшит.
Ақыҭа аԥсҭазаара ӡбахәыла акәым ишыздыруа, ақыҭаҿы сиит, исызҳаит, салааӡоуп уи абзазашьа. Аха схәыҷра аамҭазтәи ақыҭа аԥсҭазаашьеи иахьатәи аамҭеи еиҿырԥшны санахәаԥшуа, даара излеиԥшым, аҽыԥсахрақәа рацәаны избоит, игәасҭоит. Рыцҳарас иҟоу, уи аҽаԥсахит излеиӷьу аганқәа рыла акәымкәан, аԥсуа қыҭа иаҭәам аҟазшьа бааԥсқәа рыла.

Иҟалап игәаӷьыуацәазар иаартны аҳәара, аха ас еиԥш аҟазшьақәа аҭыԥ рымоуп иахьатәи аамҭазы. Аколнхара аныҟаз, ақыҭауаа хандеиуан, ачаи, аҭаҭын уҳәа аадрыхуан, уи ахашәалагьы рнаҭон, ачаии аҭаҭыни рыбзоурала, ибеиаз аколнхацәеи ақыҭақәеи маҷҩымызт. Уажәы рхы ззыркуа рымамкәан иаанхеит, уи иахҟьаны рҽеиурыжьит, аашьарагьы ахылҿиааит.
Жәынгьы-ҿангьы, қыҭацыԥхьаӡа, гра бааԥсык змоу, иашамкәан зхы мҩаԥызго аӡә даламшәар ауамызт, ус ауп иахьагьы. Аха уаанӡа ақыҭаҿы иҟан ҵарада ахшыҩ змаз аиҳабацәа бзиақәа, урҭ иашала ирӡбон рқыҭа аҟны ицәырҵуаз апроблемақәа. Иахьдырхәуан, идырԥхашьон, ирықәӡбон, риашьара, ақыҭа иалырцон хьымӡӷыла зхы мҩаԥызгаз ауаа.
Иахьа, уарла-шәарла иуԥылоит қыҭацыԥхьаӡа ҳаҭыр-пату змоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо аиҳабацәа, абыргцәа ҟәышқәа, зажәа ԥхылдоу, зхатәгьы зыӡбуа, ауаа ртәгьы аӡбара зылшо.
Аԥсуаа ражәа иалаҵаны ирҳәоит «Ухатәы ӡбаны, ӡбара уцала», – ҳәа. Аҽԥныҳәа змоу, аԥсуаҵас иаҭәаӡам ажәлар рус алацәажәара, аӡбара, аха иахьа ус иҟоу удмырцәажәо аҟынӡа «рыбжьы ҭыргоит», рҿаҟны ираҽԥнуҳәаанӡа.
Иахьа ақыҭақәа рҟны, уаанӡеиԥш, здунеи зыԥсахыз ауаҩы аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагараан уи ихаҭара, дзакәыз, дзыԥсаз ала ихцәажәо ауаҩы иԥшаара уадаҩуп. Уи рыцҳара дууп.

Сара саныхәыҷыз, ашкол санҭаз ибзианы исгәалашәоит, сырхаануп Хәаԥ ақыҭан инхоз, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аиҳабацәа, ацәгьа-абзиа еилзыргоз. Урҭ иреиуан саб иашьа, Аԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз, Леон иорден занашьоу Мирод Гәажәба, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аветеран Гриша Зыхәба уҳәа убас егьырҭгьы. Хаҭала, сыстудентра ашықәсқәа рзы срыҿцәажәахьан ажәабжьҳәаҩцәа ҟазацәа, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа здыруаз: Шаликәа Бебиа, Дуниа Занҭариа. Сырхаануп иара убас ажәабжьҳәаҩцәа, алафҳәаҩцәа Валентин (Мыҷа) Арсҭааи Толик Ҳашыги. Аҽыбӷаҟазацәа, аԥсуаҵас еиԥшны рҽеилаҳәаны, рыҽқәеи ркәадырқәеи раӡны ҟәынала ичаԥаны, иҽырԥа-ҽырԥо, «апҟара-апҟараҳәа» рҽышьҭыбжь гәазырҳагаха рхылԥарчқәа рхаҵаны, аҽыбӷа иаласазшәа, лассы-лассы агәарабжьара иаабжьалалоз, ҽнактәи рықәгылареи, аԥсуаҵас зҽырхәмарреи акыр иаԥсаз Калистрат Сабуеи Канхәа Ҳашыги уажәгьы сыбла ихгылоуп. Саб Беслан Гәажәбагьы урҭ дрыҵахомызт, аҽыбӷаҟазараҿы, аԥсуаҵас аҽырхәмарраҿы.

Сара кәрыжәаа срықәлам, аха сахаануп абзанхацәа ҩ-цак аџьықәреи анаадрыхуаз аамҭа́, акы – арахә-ашәахә ирызкын. Исгәалашәоит, хаҭала, саб аџьықәреи лапҟьа дуқәа алагаразы иҩкааны иҳазгылаз аца ду ишҭеиԥсоз, даҽа ганк ахь арахә рзы алапҟьа ссақәа. Иахьатәи аамҭазы, шамахамзар ақыҭаҿы инхо, зца ҭәу анхаҩы хаҭала, сара дысԥымлеижьҭеи акыр ҵуеит. Еиҳараҩык «ҳашьцәа» Галаа рҟнытә иаахәаны иааргоит аџьықәреи.
Ақыҭаҿы ауаҩы данынха, арахә-ашәахә, аԥсаса имазароуп, иҽы-икәадыр еиқәшәазароуп, ахш-хырҵәгьы игымзароуп. Арахә рацәаны ианырҵон уаанӡа, ҳәарада, урҭ рныҟәгара мариам, аҟашәа ааурыхроуп, аԥҳә, аҭәа уҳәа рыла, арахә аӡын еиқәуршәароуп. Аӡын зҟашәа ззымхаз, зырахә ирыцәрыгхаз анхаҩы ҳаҭыр имамызт.
Иахьа ақыҭаҿы арахә рацәаны ианызҵо уԥылоит, аха ирацәаҩым. Иџьоушьаша, урҭ ԥсылахарц ашьха ацара атрадициагьы иацәыхҟьо иалагеит.
Зызхара ахш-хырҵәы зауа маҷҩуп, ақыҭаҿы инхо реиҳараҩык ақалақь аҟнытә ашә аахәаны иҭхаџьуеит.
Аиашазы, аԥсуаа шамахамзар, шьҭрала ақыҭа иеиуам, иалымҵыз дуԥылом.
Хаҭала, сара 25 шықәса инарзынаԥшуа ақалақь аҿы сшынхогьы, сахьиз сахьааӡаз ақыҭа, саб иџьынџь сгәы азыбылуеит. Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны лассы-лассы санзымцалоз ыҟан, аха аҵыхәтәантәи аамҭазы есымчыбжьа сцоит. Абри астатиа аҟны иаазго, сыззааҭгыло зегьы сааҭк, ҽнак ала избаз акәӡам, есҽны, есымчыбжьа избо, сгәы сзырхьуа ауп.
Сара сахьынхо, Хәаԥ ақыҭа дуум, 30 шықәса раԥхьа инхон 160 ҭӡы инарзынаԥшуа, уажәы ақыҭа абжа ҭацәуп, уаанӡа еизааигәаны инхоз аигәылацәа рылашарақәа каххаа иаркызҭгьы, уажәы алашьцара ууа­ӡ­а иахатәоуп ақыҭа аиҳарак. Иҭацәу аҩнқәа, уаҩ дахьахым, иқьаԥҭоу агәараҭақәа уанрывсуа угәы ӡыӡо иҟалоит. Амӷи ашәчи рыҟәнуп аҩнқәеи, аҵлақәеи, ихкаам, еиужьу агәараандақәа. Анкьа аӡҭалара, амаахырҟәшәара, аҵаҵындраҟәшәара, ашәҭҟәшәара ҳахьцалоз адәҳәыԥш ҟьаҟьа ду ыҟам, амӷ ахаԥоуп. Аӡаагара ҳәа аӡхаҟа «Еӷырҭа» аӡиас ахь ҳахьцалоз, амҩахәасҭа еималахьеит, ауаҩ ишьҭа аныҵхьеит, арахә рышьҭа заҵәык ауп уахь игоу.
Аӡлагара ахь инагоу амҩа макьана уаҩ данылартә иҟоуп, аха уаанӡеиԥш, ари амҩа иамаз аԥшӡара ацәыӡхьеит, изызҳауаз ашәҭқәагьы баша имхбалаӡеит, рышьаҭа аныӡааит. Жәынгьы-ҿангьы аӡыӡлагара аҭааҩцәа рацәаҩны иаман, Гарԥи, Оҭҳареи ақыҭақәа рҟынтәгьы ҽыла, гәыжьла аџьықәреи лагара иаауазҭгьы (урҭ шамахамзар, ҳара ҳахь акәын иахьымҩахыҵуаз), уажәы машьынала, тракторла ауп ишныҟәо.

Зегь реиҳа исзымбатәбарахаз, аҵыхәтәантәи аамҭазы ҵхагәаныла имшәа-имырҳа, ҳааигәа иҟоу, уаҩ дызхым аҩнқәа рҟны абгақәа иртәарҭаны иахьыҟалаз, урҭ «руубжьы» гәыҭшьааганы иахьго ауп.
Рыцҳарас иҟоу, шамахамзар ақыҭақәа зегьы рҟны ари аҩыза апроблема ыҟоуп, ҳқыҭақәа аҭацәра иаҿуп, абнақәа рхысуа иалагеит. Ари даара агәҭынчымра узнарҵысуеит. Иахьатәи аамҭазы, ақыҭа шышьҭыхтәу, ишазхьаԥштәу, абзазашьа шеиӷьхаша, аҭагылазаашьа бзиақәа шаԥҵатәу ҳәа ҽырбашақә ацәажәарақәеи ажәа ҭлапҟақәеи рҳәарала ари апроблема ӡбашьа амаӡам. Сара сгәаанагарала, ақыҭа агәыбылра змам, заб иџьынџь, ихәышҭаара аиқәырхара зыхдырраҿ иҟам ауаҩы ақыҭа дазыхынҳәӡом, иара убас мариала ахныҟәгашьа зҵаз, иашьцылаз, ақыҭаҿы анхара иацу аџьабаа еилызкаауа, издыруа агәаӷьра ицәыуадаҩхоит. Иахьа акәымзаргьы, уаҵәы ақыҭа аҟны аҭагылазаашьа бзиақәа аԥҵахар, иахьа излаҟоу акәымкәан, ибзиоу аганқәа рыла иаарԥшхар, уи иазыхынҳәуа «аԥшәмацәа» ҟалап.
Хаҭала даара исҭахуп, «Аԥшәма уҟоума?», «Ҳаи сыҟамкәан изуеи, бзиала уаабеит!» – ҳәа аӷьараҳәа, Аԥсуара ишаԥу еиԥш, аԥсуа сасдкылара аазырԥшуа ацәажәашьҭыбжьқәа еихсыӷьрада игаларц ҩаԥхьа аԥсуа қыҭаҿы. Уажә асас дшааиз еиԥш идыргало акаҳуа еиқәаҵәа аҭыԥан, аԥшәмаԥҳәыс лхьурӡы ныкнаҳан, иааинырсланы абысҭа афҩы хааӡа, итыруа иуны ацыфа надкыланы идылгалар, аԥшәма хаҵа арыжәтә џьбара кәеикәеиуа афырџьан инҭаҭәаны асас иныҳәаҿа шьҭихуа аамҭа ҟалар...
«Имгәыӷкәан иԥсхьада?» – аамҭа бзиа Анцәа иаҳзыҟаиҵааит!

Алиса Гәажәԥҳа