Print this page

Ихадоу аҭыԥ аанызкыло

Хәажәкыр 27, 2026 59

Ҳажәлар рыԥсҭазаараҿгьы, сара сыԥсҭазаараҿгьы аԥсуа бызшәа аҭыԥ ду ааннакылоит, уи хадаратәла ҳаԥсҭазаара иагәылсуеит. Ажәлар рҵасқәа, рқьабзқәа, рҭоурых рбызшәала ииасуеит. Хмилаҭ рзы аԥсуа бызшәа акультура иахәҭа дууп. Уаҟа инхоит жәлар рашәақәа, рлакәқәа, ражәаԥҟақәа, абыргцәа ражәа ҟәышқәа.

Сара саныхәыҷыз аахыс аҩны, сҭаацәараҿы аԥсуа бызшәа саҳауан. Аԥсуа бызшәала алакәқәа сзеиҭарҳәон, аиҳабацәа пату рықәҵашьа сдырҵон, ақьиареи аиашареи закәу сзеиҭарҳәон. Схатәы бызшәала санцәажәо, сыжәлар рзы аԥхарреи агәадуреи сызцәырҵуеит иахьагьы, сара еилыскаауеит иара иахылҵуа ашьҭыбжьқәа аԥсабара иаԥнаҵаз шракәу, урҭ ажәытәра ргәылакуп, ҳбызшәаҿы ажәақәа зегьы цәажәоит.
Ауаа рхатәы бызшәала ианцәажәо, акзаареи аидгылареи рныруеит. Абызшәа ҳхаҭара аиқәырхара, ҳдацқәа рхамышҭра иацхраауеит. Дарбанзаалак ауаҩы ихатәы бызшәа ихьчалароуп ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳмилаҭ рыԥсҭазаараҿы аԥсуа бызшәа ҳаиднакылоит, уи иабзоураны ҳара жәларыкны ҳаанхоит. Убри аҟнытә лассы-лассы еиҵагыло аҿар ҳбызшәала ҳцәажәалароуп, ҳацәыԥхамшьароуп.
Ҳара ҳхатәы бызшәала ҳцә­ажәозар, уи ԥхьаҟагьы аԥсы ҭазаауеит!

Садиа Арӡынԥҳа,
В.К.Аргәын ихьӡ зху
Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №2
11-тәи акласс аҵаҩы