Ибзианы аԥсшьара мшқәа сыхганы, аҩныҟа саныхынҳә, сан – Рафида Аҩӡба зегь лзеиҭасҳәон, аха ацәажәара саҿын урысшәала. Лара уи лгәамԥхакәа: «Бцәажәла аԥсышәала!» – лҳәеит. Сара лажәақәа даара сдырхәыцит, сгәаналагьы исҳәеит: «Сахьыҟазаалакгьы, акыраамҭа даҽа бызшәак ала сцәажәозаргьы, ахаангьы схатәы бызшәа схамышҭлароуп!»
Иахьатәи аамҭазы ҳтәылаҿы аԥсуа бызшәа ауадаҩра иҭагылоуп. Аԥсны иқәынхо, аԥсуа жәла змоу, аха зхатәы бызшәа ззымдыруа даара ижәпаҩӡоуп. Иара убас, ашкол хәыҷқәа дара дара урысшәала ицәажәоит, аха аҵара рҵоит аԥсуа школқәа рҿы.
Хаҭала сара аҵара сҵоит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҟны. Сыкласс аҿы имҩаԥызгеит аҭҵаара, рхатәы бызшәа ахьынӡардыруа еилыскаарц. Ҳара зынӡа 23-ҩык ҳаҟоуп, зегьы ҳҟынтә 7-ҩык ибзианы иаҳдыруеит, 10-ҩык ибжьаратәны, 6-ҩык зынӡаск иззымдыруа рахь иаҵанакуеит. Иара убас, еиҳа иҳаиҵбацәоу рбызшәа шырдыруа аилкаара хықәкыс ишьҭыхны, ахәбатәи акласс аҟны имҩаԥызгеит аиԥш-зеиԥшу аҭҵаара. Уа зынӡа 20-ҩык тәоуп, урҭ рахьтә 9-ҩык ибзианы ирдыруеит, 7-ҩык ибжьаратәны, 4-ҩык зынӡаск аԥсышәала изцәажәаӡом. Ари даара угәы унархьуеит.
Абызшәа ауаа рзы ҵакыс иамоу еилыскаарц, саб иашьа Алмасхан Асланӡиа сиазҵааит: «Иаанагои уара узы ухатәы бызшәа?» – ҳәа. Иара ус саҭеикит: «Сара сбызшәа, аԥсуа бызшәа сзааӡаз, жәытә-натә аахыс Аԥсны иқәынхо ажәлар злацәажәо ауп. Сани саби исдырҵаз абызшәа сырԥхашьаӡом, иахәҭо сдыруеит. Иҟалааит убри аҩыза аԥсҭазаараҿы, Аԥсны дарбанызаалак иҩнаҭаҿы есымша иҩныҩларц аԥсуа бызшәа!» . Сгәаҿы иаанхеит иара иажәақәа.
Абарҭқәа зегьы исызцәырыргеит азҵаара: «Нас иҟаҵатәузеи ҳбызшәа ахархәара еиӷьхарц азы?» Сара сгәанала, абызшәа аиқәырхаразы зегь реиҳа узықәгәыӷыртә иҟоу амҩа – ахәыҷы дани инаркны уи ала иацәажәара ауп. Уи егьа абиԥарақәа рҽырыԥсахыргьы иаанхоит. Убри аҟнытә, урҭ реимадара ԥҵәар, иҳамбакәа абызшәагьы ирласны иӡуеит. Ашәҟәыҩҩцәа дуқәа ҳхатәы бызшәа аизҳаразы абеиара ду ҳзаанрыжьит, ҳара иаҳуалу урҭ ашәҟәқәа ԥхьамккәа, рдоуҳамч есыҽнытәи ҳаԥсҭазаараҿы ҽышәала ахархәара ауп. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Дырмит Гәлиа иажәақәа рыла иаҳҳәозар: «Абызшәа зегьы раԥхьа игылоуп, уи зегь аҵанакуеит».
Афырхацәа Аԥсны хьчаны, ҳбызшәа еиқәдырхеит. Аҿар, урҭ еиқәырханы иаҳзааргаз абызшәа ҳхамышҭлароуп, иарала ҳцәажәалароуп ихымԥадатәны.
Николь Асланӡиаԥҳа,
Д.Гәлиа ихьӡ зху
Аҟәатәи абжьаратә школ №4
11-тәи акласс аҵаҩы