Аԥсуаа рытрадициақәа ирызкны иуҳәаша рхыԥхьаӡара маҷым. Ҳара ҳбызшәа аиқәырхаразы еилаҳкаароуп иуадаҩӡоу ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа ишыриааитәу.
Сара схәыҷаахыс аԥсышәала сцәажәоит, избанзар сҭаацәараҿы аԥсышәала акәын ишсацәажәоз. Уажәтәи аамҭазы даара имаҷуп ахәыҷқәа аԥсышәала ицәажәо, ари даара угәы унархьыртә иҟоуп. Ҳара ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз даара ирацәаҩуп! Урҭ рыбзоурала аҷҷаҳәа аԥсышәала ҳцәажәартә ҳаҟоуп, аха ҳара ҳбызшәа ҳацәхьаҵуа ҳалагеит.Ҳаԥсадгьыл ҳахьчароуп, ҳабызшәала ҳцәажәалароуп!
Сара сабду есымша иҳәоит: «Аԥсышәала шәцәажәала, ҳара ҳбызшәа еиӷьу ыҟам», – ҳәа. Хымԥада сиқәшаҳаҭуп. Иара убасгьы иҳәалоит: «Аламыс аԥсуаа ԥсыс ирхоуп», – ҳәа. Ҳбызшәа ианыԥшуеит ҳаламысгьы.
Сара аҵара сҵоит Аҟәатәи абжьаратә школ №1 аҟны. Ҳашкол аҟны аҵара рҵоит аашәи хҩык аҵаҩцәа, урҭ рҟынтә фҩык милаҭла иаԥсуааӡам. Ҳакласс аҟны ҩажәаҩык аҵаҩцәа ҳтәоуп, жәааҩык аҷҷаҳәа ицәажәоит, ҩыџьа рцәажәара хьысҳауп.
Иаазгарц сҭахуп ҳашкол аҟны аус зуа, «Аԥсуара» аурокқәа мҩаԥызго арҵаҩы Сариа Цкәуаԥҳа лажәақәа: «Иахьа иҟоуп абызшәа апроблема, аха уи аӡбара ҳалшоит, еиҳарак ҳҭаацәаратә аамҭа ахьыхҳахго акиносахьа, амультфильмқәа, амузыка, аинтернет ресурсқәа реиҭагара ала. Ҳара иҳамоуп абызшәа аҿиараҿы ацхыраара ҟазҵо иалукааша ашәҟәыҩҩцәа, аклассикцәа. Шәареи ҳареи акультуреи абызшәеи рныҟәгаҩцәа ҳауп. Ҳара хықәкыс иҳамоу ҳхатәы бызшәала ахәыцшьа аҵара ауп. Агәра згоит Лакрба, Гәлиа, Шьынқәба рышьҭанеицәа шҳакәу», – ҳәа зҳәо.
Сгәанала аԥсуа бызшәа ахьчаразы, зегь раԥхьа иргылатәуп ахшыҩзышьҭра аҭаацәараҿы абызшәа ахархәара. Иаҳҳәап, ахәыҷы дахьынӡахәыҷу аԥсышәала уиацәажәар, иаргьы иҵоит, аха уажәтәи аамҭазы ҳҭагылазаашьа уи аганахь ала икәадоуп. Даараӡа имаҷуп зхәыҷы аԥсышәала иацәажәо аҭаацәарақәа. Насгьы, ауаажәлар ахьеизо, ҳҩызцәа, ҳҭынхацәа ҳанрыдгыло ҳхатәы бызшәала имцәажәо рацәоуп, избанзар иашьцылам рхатәы бызшәала ацәажәара. Ари ицәгьоу ҭагылазаашьоуп, уи хымԥада арҽеирахь амҩа ҳанылароуп. Ҳбызшәа есымша ԥхьаҟа ицалароуп! Ари ззынагӡо ҳара ҳауп Аԥсуаа-жәлар.
Сариа Кархалааԥҳа,
Б.Шьынқәба ихьӡ зху
Аҟәатәи абжьаратә школ №1
11-тәи акласс аҵаҩы