Олег Барцыц Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.
Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит ҩ-республикак рыбжьара аидгыларатәи аиҩызаратәи еизыҟазаашьа ӷәӷәақәа шыҟоу. Асҭамыр Кациа идипломатиатә миссиа алагара идныҳәало, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реимадара аринахысгьы ишырӷәӷәахо азы агәрагара ааирԥшит.
Аминистр иҳәеит иаарласны агәрагаратә шәҟәқәа Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иҭара иазку ацеремониа ҟалараны ишыҟоу, гәыблыла игәалаиршәеит жәабранмзатәи Аахыҵ Уаԥстәыла иҟазаара.
Иара ацҳаражәҳәаҩ изеиӷьеишьеит аҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа реизҳазыӷьаразы ақәҿиарақәеи алҵшәа змоу аусуреи.
Асҭамыр Кациа иҭабуп ҳәа реиҳәеит гәыблыла дахьрыдыркылаз азы, иагьышьақәирӷәӷәеит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицура арҭбаара гәҭакыс ишимоу.
Ацеремониа иалахәын аминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьамал Бганбеи.