Print this page

Ақалақьқәа Пицундеи Афон Ҿыци рхатәы биуџьетқәа роур алшоит

Хәажәкыр 23, 2026 20

Аԥсны Ахада Бадра Гәынбеи аусуратә гәыԥи ақалақьқәа Пицундеи Афон Ҿыци рбиуџьеттә шьақәгылашьа аиӷьтәразы ажәалагалақәа ирылацәажәеит.

Абри атәы аанацҳаит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Аилацәажәара мҩаԥган Пицунда ақалақьтә еизара адепутатцәа иҟарҵаз ааԥхьара ашьҭахь, урҭ ақалақь афинанстә хьыԥшымразы ажәалагала ҟарҵеит. 2015 шықәсазтәи аԥсахрақәа ҟалаанӡа, ақалақьқәа рхатәы биуџьетқәа рыман, аха аиҭакрақәа рышьҭахь рфинанстә статус ақалақь еиԥшу аҳаблақәеи ақыҭақәеи рыҩаӡара иаҟарахеит.