Хаҭала, аԥсуа жәлар ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа зныԥшуа, уи шьаҭас измоу, жәытәнатә аахыс ҳабацәа, ҳабдуцәа абиԥарала инеимда-ааимдо имҩаԥыргоз, ҵакыла ибеиоу ҳмилаҭтә ныҳәақәа рахьтә иаҳцәыӡхьоу, зымҩаԥгара ҳаҟәыҵыз ыҟоуп. Иара убас, аныҳәа амҩаԥгашьа, аҟазшьа ҷыдарақәа еицакны ианымҩаԥыргогьы уԥылоит.
Изызҳауа аҿар, еиҳарак ақалақь иааӡаз жәабран, хәажәкыра уҳәа реиԥш иҟоу ажәытә традициатә ныҳәақәа рымҩаԥгара акәым, урҭ рыхьыӡқәагьы змаҳац, иззымдыруа рацәаҩуп.
Аинтерес зҵоу ҳмилаҭтә традициатә ныҳәақәа рӡыргара, рыларҵәара, реиқәырхара хықәкыс ианышьҭаҳхша аамҭазы, урҭ зымҩа инышьҭаҵаны ҳара иҳацәтәыму, атәым культура иатәу аҵасқәа ҳҽырԥаҳшьуеит. Уи ҳара ҳмилаҭтә ныҳәақәа аҵанарӡуа аҭагылазаашьа шьақәгылар иашам.
Аԥсуаа, милаҭ еилых ҳамам, ажәларқәа зегьы ҳаҭыр ҳазрықәуп, урҭ рҵасқәагьы, рмилаҭтә ныҳәақәагьы ҳаҭырла ҳарзыҟоуп. Аха ааигәа, ҩаӡара ҳаракыла, агаҿа, амшын аҿықәан акьанџьа амца ацраҵаны ибылуа иазгәаҭаз «Масленица» еиԥш иҟоу аныҳәақәа гәцаракрыла рымҩаԥгара азхьаԥшра, хаҭала, сара агәҭынчымра сызцәырнагоит, аԥхьаҟагьы уи иацырҵо иҟалар, ҳхатә милаҭтә ныҳәақәа рцынхәрас иҳадаҳкылар ҳәа агәырҩа снаҭоит.
Ари ахҭыс ажәытә традициатә милаҭтә ныҳәақәа жәабрани хәажәкыреи рзааҭгылара сазхьанарԥшит. Хаҭала, арҭ ааԥынра иацу аныҳәақәа рымҩаԥгара мзызс иамоу, уи аҵакы нарҭбааны аилкааразы ҳара ҳиҿцәажәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Виктор Аҩӡба.
Уи ҳаиҿцәажәара хацыркуа иазгәеиҭеит жәабран-ныҳәа иаҳцәыӡхьоу акы шакәу. Ари аныҳәа абзыԥқәа рҟны имҩаԥырымгоижьҭеи акыр шҵуа. Абжьыуаа рыҩнуҵҟа имҩаԥызго аӡәык-ҩыџьак ыҟазаргьы, шамахамзар, ирхашҭхьеит.
«Ааԥынра ааира иадҳәалоу аныҳәақәа рцикл ҳахәаԥшуазар, арҭ аҩ-ныҳәак: хәажәкыреи жәабрани рахьтә раԥхьа имҩаԥырго жәабран-ныҳәа ауп. Аҩ-ныҳәак рацәак рыбжьам, аха хәажәкыра анымҩаԥырго жәабран-ныҳәа амҩаԥгара ашьҭахь ауп.
Иара амза ахьӡгьы ахьынтәиаауа аныҳәа жәабран ахьӡ аҟнытә ауп», – иҳәеит уи, зыӡбахә ҳамоу аныҳәақәа дырзааҭгыло. Анаҩс – раԥхьа хаҭала, дазааҭгылеит жәабран-ныҳәа аҵаки амҩаԥгашьеи.
– Жәабран-ныҳәа амҩаԥгашьа иамоуп ахатә ҷыдарақәа, акәама-ҵамарақәа рацәаны. Уи мчыбжьык шыбжьоу рҽазыҟарҵоит. Еихшоуп ахаҵеи аԥҳәыси русқәа. Аныҳәа мҩаԥыргоит жәабран аҵыхәтәантәи асабша азы, амза аҭәымҭазы. Ҭаацәашәалатәи ныҳәароуп, имҩаԥыргоит амш шьыбжьы инахыҳәҳәаны.
Аԥшәма хаҵа мчыбжьык шыбжьоу амҿы еиқәиршәоит. Ихадароуп аџь иалху амҿы, уи еиҳа амца акуеит, акәиц ҟанаҵоит, жәабран мгьал аӡразы иманшәалоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Уи инамаданы аԥшәма метрак-ҩ-метрак иҟоу, уаҩышәара инаӡо махәаршәпара еиҳам арасамахәқәа ԥшьба ирмазеиуеит, урҭ аҳәызба асахьа аҭаны ицәуеит, араса ҳәызба алихуеит, иара убас ахәажә абӷьы иаҵәа шамоу иааигоит. Аныҳәара мышкы шыбжьоу абӷьқәа еихадыршуеит, ацәгьа-мыцәгьа алырхуеит, агьама ҷыда аимурц.
Аԥшәмаԥҳәыс, аҩымсаг хәыҷқәа ҩба лырмазеиуеит, акы – аныҳәараз, егьи –жәабран-мгьал арыцқьаразы. Мчыбжьык шыбжьоу иҟалҵоит аҵәырса – аши ахәыӡи аӡыршы ала еиларшьышьны алашьцара аҟны илыргылоит, мышкы хынтә еиллырхуеит.
Жәабран-ныҳәа аҽны ашьыжь аҭаацәа реиҳабы дныҳәа-ныԥхьоит, анаҩс, рырахә-рышәахә рҭыԥ инықәҵаны аныҳәа амҩаԥгара аҽазыҟаҵара иалагоит. Ахаҵа амца еиқәиҵоит, аԥҳәыс илырмазеихьоу аҵәырсы аҭаны амажәа лкәаҳауеит ацха, аџьыкхыш уҳәа аҭаны. Амажәа жәпацәамхароуп, иагьыҵаӷамхароуп. Уи акыр дадхалоит, шьыбжьонынӡа дагоит, ирацәоуп, насгьы расаҵәыла ауп ишеиллырхуагьы.
Анаҩс, аԥырӷымцаҿы ижжаӡа ишу акәицқәа рҟны араса лабақәа ирынҵаны, имазеины ахәажә бӷьала ихҟьоу ианырҵоит амажәа, уи алагьы ихырҩоит, хыхь еиҭа акәицқәа ақәырҵоит, аганқәа рҟынгьы иаварыԥсоит ибзианы иӡыртә еиԥш.
Жәабран-мгьал анӡлак, уи ауралеи-ҭбааралеи излахәыҷым ала (иԥҽыр ҽеим рҳәоит), иԥымҽкәан арӷьарахь ақәыршә шкәакәа зқәыршәны ацқьашә зқәу, имазеины игылоу аишәа иқәырҵоит.
Иазгәасҭарц сҭахуп жәабран иадҳәалоу, уи иақәҿызҭуа даҽа ҩ-ныҳәак шыҟоу. Хаҭала, жәабран-ныҳәа ашьамаҟа иазкуп. Аԥсаса ирызку аныҳәа иахьӡуп – џьабран, ауахьад ирызку – аҽышьашьана. Амажәа ахәышҭаарамцаҿы аӡразы ианыҽҳәарҵалак ашьҭахь, аҭаацәа реиҳабы дныҳәа-ныԥхьоит: «Ажәеиԥшьаа, улԥха угәыԥха ҳаҭ! Ҳазхьыԥшу ҳарахә-ҳашәахә иҭәы-иԥха, абнахь иахьцо ԥырхага рмоуа, хырҳагас иҳауа, абааӡатәы ҳагымхо иҟауҵарацы ҳуҳәоит».
Жәабран-мгьали ацқьашәи ԥшь-хәҭакны иԥиҟоит аныҳәаҩ, анаҩс деиҭаныҳәоит амзахь ихы рханы. Уи ашьҭахь ԥшь-хәҭакны иԥиҟаз рҟнытә хәҭак-хәҭак амгьали ацқьашәи рссаны иԥиҟоит, аҭаацәа зегь агьама дирбоит.
Хәажәкыра-ныҳәа амҩаԥгара аҵыхәтәантәи аамҭазы аҽшаԥсахуагьы, зны-зынла заа иазгәарҭоит, ма ихьшәаны ианыҟарҵогьы ҟалоит. Аха, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Виктор Аҩӡба иажәақәа рыла, ари аныҳәа амҩаԥгара аԥуп хәажәкырамзазы, амзаҿа ангыло раԥхьатәи ашәахьазы.
Хәажәкыра – адгьылқәаарыхратә цикл иадҳәалоу ныҳәароуп. Аԥсуа инхашәа-чашәа, иҽаҩра беиа, ибзазара иазкуп.
Ари аныҳәагьы заа аҽазыҟаҵара аҭахуп. Аныҳәара мҩаԥыргоит амра аҭашәарахьы ахы анархо аамҭазы. «Аҳа аԥшра змоу, акгьы згәылам, амажәа иалху аҳампалқәа аҭаацәара рыцԥхьаӡа хԥа-хԥа ҟарҵоит, иҟоуп акака ахьыҟарҵогьы. Шамахамзар, аныҳәарақәа зегь рҟнеиԥш, амажәа зкәаҳауа аԥҳәыс цқьа лоуп. Аҳампалқәа руак заа идырмазеихьоу арасаҵә хәыҷы агәылаҵаны иржәуеит. Аҳампалқәа аныҟарҵо ирыцҟарҵоит акәакәарқәа хԥа: амза аԥшра змоу, амра аԥшра змоу, алаҳәара аԥшра змоу, згәы ҭацәу (акәакәарқәа ҟазымҵогьы ыҟоуп).
Аҭаацәа реиҳабы данныҳәо раԥхьа амза аԥшра змоу акәакәари х-ҳампалки дрыхныҳәоит, амзахь ихы нарханы, иааигәа, ишьҭахь изааигәаны игылоуп иҷкәынцәа, амза символс иамоу аҷкәын иакәны излаԥхьаӡоу ала.
Анаҩс, х-хәажәыки акәакәари ххны ирҿеиҵоит. Уи ашьҭахь, иаашьҭихуеит амра аԥшра змоу акәакәари даҽа хәажәык, аныҳәара далагоит ҿыц. Усҟан амра аҭыԥҳацәа изларсимволу ала, иԥҳацәа, иаҳәшьа, иан уҳәа аҳәса иааигәа игылоуп. Еиҭах аныҳәара ашьҭахь ахәажәқәеи акәакәари ххны агьама дирбоит.
Аҵыхәтәаны алаҳәара аԥшра змоу, згәы ҭацәу акәакәар шьҭихуеит, х-хәажәыки аанкыланы дныҳәоит ишыҟаиҵац еиԥш. Усҟан иааигәа игылоит аҭаацәагьы. Анаҩс, еиҭах иххуеит, агьама дирбоит», – дҳацәаж́әон аҵарауаҩ.
Виктор Аҩӡба иажәақәа рыла, иҟоуп аҩы еиԥш, аҟәыдгьы адгалан, уаҟагьы арасаҵәы хәыҷы алазыршәуа.
«Хәажәҵәы зықәшәаз – дымшуп, ԥеиԥш бзиа изыԥшуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, уи арԥыс ианиқәшәо ԥшь-шьапык зҵоу изшьны иқәныҳәоит, амала аҭыԥҳа ианлықәшәо «дымшуп» - рҳәоит, уа иааҿахырҵәоит», – иҳәеит аҵарауаҩ ари аныҳәа аԥҟарақәа досу иара изнеишьа ала дшазыҟоу азгәаҭо.
Ҳәарада, ҳмилаҭтә традициатә ныҳәақәа нҭырҳәцааны, ажәытә ҳабацәа, ҳабдуцәа ишныҟәыргоз еиԥш иаҳзымҩаԥымгаргьы, рҵакы ҳмырӡып, иаадыруагьы шаадыруа иагаҳмыжьып. Сара сгәаанагарала, ҳмилаҭтә ныҳәақәа раҟара иҵаулоу аҵаки аинтереси зҵоу ыҟам. Урҭ хәыҷы-хәыҷы иҭаҳҵаалап, ҳрызхьаԥшлап, рымҩаԥгарагьы ҳҽазаҳшәалап.
Еиӷьушәа избоит, атәым ҵасқәа рышьҭыхра ҳҽадымцалакәа, зеиԥш ыҟам ҳҵасқәа, ҳқьабзқәа реиқәырхареи, ҳмилаҭтә традициатә ныҳәақәа рымҩаԥгареи ҳрызхьаԥшыр. Урҭ реиҷаҳара – ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхара иахәҭакуп.
Алиса Гәажәԥҳа