Print this page

Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟала еиҿкаауп аҳәынҭқарратә ҳәырԥсарра ҿыц «Алаҳаш-абаа»

Хәажәкыр 21, 2026 15

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба «Аԥсны аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рҳәынҭқарратә сиа аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа рсиа аԥсахрақәа ралагаларазы»Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Атәыла ахада иӡбарала аҳәынҭқарратә ҭоурых-архитектуратә, археологиатә, аҭоурых-культуратә ҳәырԥсаррақәа рсиа харҭәаауп аобиект ҿыц ала,уи Мыркәылтәи аҭоурых-архитектуратә ҳәырԥсарра «Алаҳаш-абаа» ауп.

Аҳәырԥсарра шьҭоуп Алаҳаш аҳаблан Мыркәыла аӡиас армырахьтәи аԥшаҳәаҿы. Аобиект иалоуп анаҩстәи абаҟақәа ркомплекс:

Алаҳаш-абаа (III-XIV ашә.);

Ауахәама (IV ашә., XIV–XV ашә.);

Менгир (неолит, абжьарашәышықәсақәа);

Анышәынҭра (I ашә. ҳера ҟалаанӡа – I ашә.);

Афатә-ажәтә ашьҭаҵарҭа (III-VIII ашә.);

Абаа аҭӡамцқәа (III–IV ашә.; XIV-XV ашә.);

Абаа (III-IV ашә. ҳ. ҟ.; XIV–XV ашә.);

Археологиатә культуратә ԥшаахқәа (VIII ашә.ҳ.ҟ – XV ашә.).