Print this page

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацәыргақәҵа-хәаахәҭратә центр аартхоит Москва

Хәажәкыр 20, 2026 13

Москва ирҿыцу апавильон №6 «Химиа» аҟны жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵаҿы иаартхоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацәыргақәҵа-хәаахәҭратә центр, уи асасцәа иднарбоит ареспублика амилаҭтә чыси, акәашареи, атрадициақәеи.

2014 шықәса раахыс Москва жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵаҿы акультуратә ҭынха аобиектқәа 42 рҽеиуп ҳәа аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадеи аиҳабыреи рыпресс-маҵзура.

«Москва иреиҳау реставрациатә ҭыԥны иаанхоит жәлар рынхамҩа аихьӡарақәа рцәыргақәҵа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы уа аиҭашьақәыргылареи аиқәыршәареи рзы мҽхакы ҭбаала аусурақәа мҩаԥган. 42 обиект рҿы акомплекстә еиҭашьақәыргылара хыркәшоуп», - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.