Аиԥылара иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла, иара убас Урыстәылатәи Афедерациеи Еиду Америкатәи аштатқәеи ООН, ОБСЕ, ЕС рыцхантәаҩрала.
Аиҿцәажәара даҽазныкгьы иаанарԥшит арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны аганқәа ргәаанагара шьаҭанкыла ишеиԥшым.
Аиԥылара аихшьалақәа рыла Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иҳәеит аԥсуа ган иалнахыз апозициа аиҭахәаԥшра шаҭахым.
«Ҳгәылацәа, Қырҭтәыла, ирҭахы-ирҭахым ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҿыцқәа рыдыркылароуп. Адунеи аполитикатә хсаалаҿы ицәырҵит исуверентәу ҩ-ҳәынҭқаррак-Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Аҳәынҭқарреи. Ари ахәаахәҭра зҭаху маҭәарӡам, иаҭахым ахцәажәара, ари фактуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адәныҟатәи аусқәа рзы аминистр.
66-тәи араунд амҩаԥгараан хшыҩзышьҭра зырҭоз ашәарҭадара азҵаарақәа ракәын. Адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ хшыҩзышьҭра азуны аиҿцәажәара алахәылацәа амч ахамырхәаразы еицырзеиԥшу аусшәҟәы аус адулара иацырҵеит.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа ари аусшәҟәы иалаҵатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит рыстатус ҳасаб азызуа, ареспубликақәа рыжәларқәа ршәарҭадара шьақәзырӷәӷәо амеханизмқәа. Аганқәа ирҳәеит иҟоу аилибамкаара иазхьамԥшыкәа, аиҿцәажәарақәа ирыцырҵарц ргәы ишҭоу .
«Иарбоу азҵаара ҭынчмҩала аҭышәныртәаларазы даҽа мҩак ыҟаӡам, арегион аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиҿцәажәаратә процесс алахәылацәа зегьы ирыдыркылароуп», – иҳәеит Олег Барцыц.
Аполитикатә блок адагьы ирылацәажәан агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа. Иара убас, Гал ақалақь аҿы МПРИ аусура аиҭахацыркра иацхраауа аҭагылазаашьақәа ирзааҭгылан.
Аиҿцәажәарақәа 67-тәи рраунд азԥхьагәаҭоуп ҳазҭоу ашықәс ԥхынгәымза 1 азы.