Print this page

Ан илхылымҵыз дыҟаӡам

Хәажәкыр 20, 2026 56

Жәларбжьаратәи Аҳәса ры­мш-ааԥын анасыԥи, аҭынчреи ирныҳәоуп.

Аԥсны еснагь ари аныҳәа азгәарҭоит аԥхарра аҵаҵаны. Ари амш зныҳәоу анацәа, аҳәса, аҭыԥҳацәа аҽны иҩычоуп шәҭыла, ҳамҭала, ажәа хаала. Анык илхылымҵыз уаҩԥсы дыҟаӡам.

Ахәыҷы раԥхьаӡа ииҳәо ажәа «Сан» аупАԥсҭазаараҿы ан иналыгӡо ароль даараӡа ихәракуп. Аԥсны жәлар ианакәызаалак аԥҳәыс – ан нцәахәҵас илыхәаԥшуан, ламыслагьы илхаҵгылон, лажәа иазыӡырҩуан. Ан дырҵаҩуп, дымҩақәҵагоуп. Ан лажәа еснагь амч аман, иамоуп иахьагьы.
Ажәытәӡатәи ауаатәыҩса реилазаараҿы ан иаанылкылоз аҭыԥ акыр ирныԥшуеит аԥсуа жәлар рҳәамҭақәа. Арҭ аҳәамҭақәа рҿы аԥҳәыс – ан цәгьа деинаалоуп, ахшыҩ ҷыда лызҭоуп, лнапкымҭа акы иалаҩашьом, аҵыс мҩас асахьа ҭылхуеит.
Аԥсуа лакәқәа рҿы далкаауп зхаҵа имеижьо, ацәгьараҿы ҩызара изызуа, ианаҭаху ахаҵамԥҳәысра злоу. Ас иҟоу аԥҳәыс лхаҿсахьа аԥсуа сахьаркыратә литература иалалахьеит – уи Саҭанеи Гәашьа, Нарҭаа ран лоуп. Иаҳгәалаҳаршәап: Анана Гәында, афырԥҳәыс – Ба­алоу-ԥҳа Мадина, Ешыратәи аԥсуа ԥҳәызба – Мери Аҩӡԥҳа. Иара убас Ростов ахақәиҭтәраан иҭахаз Алеқсандра Наӡаӡе, аԥсуа новелла – «Оҭҳаратәи аԥҳәызба» аҿы 12-ш. зхыҵуаз Шьасиа. Аԥсуа сахьаркыратә литератураҿы Д.И.Гәлиа – «Камаҷыҷ», И.Гь.Папасқьыр– «Аԥҳәыс лыпату» аҿы – Саида, «Ҭемыр» аҿы – Зина, Л.Кәыҵниа – «Шьаризан», И.Коӷониа – Ҳанифа лхаҿсахьа уб.иҵ.

Аԥсуа ҭоурых аҿы хашҭшьа ақәӡам аԥсуаа хырҵәаны Ҭыр­қәтәылаҟа – амшын нырцә мчы­ла рахгара. Ан лхәыҷы иԥсыз длымхны амшын дарымҭарцаз, иԥсы ҭоу­шәа агарашәа лҳәон, зны-зынла рхәыҷқәа рҭиртә аҟынӡа инанагон. Уи ҳбоит М.Лашәриа иа­жә­еинраала «Сҭамԥылтәи аџь­армыкьаҿы». Уб­арҭ дыруаӡәкуп Қье­цԥҳа Елиф, уи мшын ны­рцә анышәынҭра даԥырҵуамызт, аԥхьарца агәаҟ ашәа ацҳәо.
Иара убас ҳаблаҿы дцәырҵуеит Нестор Лакоба ихатә ҩыза – Сариа Лакоба, уи Қарҭ аџьамыӷәа цәгьа шылзааргозгьы, длымҭиӡеит лыԥшәма.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира ааигәазтәыз иреиуоуп аҳәса, анацәа. «Аибашьраҿы Аиааира згаз афырхацәа зааӡаз анацәа роуп», – иҳәеит Аԥсны афырхаҵа Сулҭан Сосналиев.
Аибашьра аамҭазы анацәа иаадырԥшит агәаӷьра ду, ачҳара ӷәӷәа. Нелли Пацациа-Амҷба лыҷкәын иҭахаз иабџьар кны аӷа диҿагылт. Ахбҩык ахәаҿы дҭахеит. Дышбылуазгьы, абџьар лнапы иакыз калыжьуамызт.
Кавказ ажәларқәа рҿы иҟоуп аҭоурых змоу аҵас: аиҿагылараҿы аибашьцәа рыбжьара аԥҳәыс ачабра анкалыршә – аибашьра аанкылахон ҳәа.
Аҳәса – анацәа, аҭыԥҳацәа хықәкыс ирымаз аибашьра аанкылара акәын, иҟаӡам еицәоу агәырҩа, ан зыхшара анышә дамаздаз, «ан лылаӷырӡ ахькарҭәаз, ашьац ааӡом» рҳәоит.
Аибашьраҿы «Аԥсны Афырхаҵа» ҳәа ахьӡ иаԥсахеит аӡәырҩы Урҭ ахәцәа аибашьра мца иалыргон, иҭахоз лаӷырӡыла икәабо.

Аиааира изаԥымлаз иреиуоуп: Инга Габниа, Жанна Гәынџьиа, Виолетта Клиевскаиа, Леонелла Топуриӡе, Марина Амқәаб, Раиса Кәырыкьба, Нелли Пацациа-Амҷба, Виталина Дворник, Наира Гамгиа, Ирина Сыҷынаа, Гәында Кәыҵниа, Ирина Курскаиа, Лиалиа Аршба, Лолита Ӷәынџьиа, Ирина Гоцириӡе, Марина Ҭаниа, Герда Шукова, Саида Делба. Аибашьра ашьҭахь зыԥсҭазаара иалҵыз иреиуоуп: Ақсана Аҩӡба, Емма Чагәаа, Аза Агәмаа, Наалиа Анцупова уҳәа.
Иара убас зыԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ранацәа реиқәыԥхьаӡара мариам, урҭ зегьы рыхьӡ хьтәы­нбанла Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит.
Аԥсны 19-тәи ашәышықәса аан аԥҳәыс аҵара лзаԥсам ҳәа агәаанагара ыҟазҭгьы, иахьа аԥсуа ԥҳәыс дубоит аҵарадырреи, ауаажәларра-политикатә усқәеи рҿы. Ирацәаӡоуп зыхьӡ ҳараку аҳақьымцәа, асахьаҭыхыҩцәа, атеатр, акультуратә хәышҭаарақәа рҿы, инагоу арҵаҩцәа. Иахьа иҟам аусҳәарҭақәа аԥсуа ԥҳәыс аус ахьылымуа:
4-ҩык зыҷкәынцәа ҭахаз урҭ рбираҟ даҵагыланы Ешыра ақыҭа напхгара азылуеит Ҭамара Аҩӡба-Езыгәбаиа. Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба иан Гули Кьычба Анацәа рхеилак анапхгаҩы.
Ажәа «Ан!» ижәытәӡатәиу ажәоуп.
– Аԥсуаа иахьа ирымоу адемографиатә ҭагылазаашьа еи­қәлырхар лылшоит – Ан, аԥсуаа рхатәы бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала еиқәлырхар лылшоит – Ан.

З.Сабекиа ,
Аԥсны зҽаԥсазтәыз
акультура аусзуҩ