«Ари апроект аҵакы змоу хҭысны иҟалеит. Иара еидикылеит ажурналистика арҿиара гәҭакыс измоу абаҩхатәра злоу ауаа. Ҳтәылазы амедиа ҿыцқәеи ацифратә коммуникациақәеи акыр рыҵаркуеит, ззанааҭдырра ҳараку ажурналистцәа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рыҿиараҿы ароль ду нарыгӡоит. Шәара шәоуп ҳтәылаҿы аинформациатә ҵакыра шьақәзыргыло», – ҳәа азгәеиҭеит Гәынба.
Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, Аԥснытәи аспециалистцәа акрызҵазкуа апроект нарыгӡарц алшара ахьроуз азы.
«Гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа расҳәоит апроект аиҿкааҩцәа, аҟазарҭа «Амедиа ҿыцқәа» акоманда, ари апроект анагӡара зхы алазырхәуаз зегьы, рԥышәеи, рдырреи, рзанааҭтә ҟазареи ахьҳацеиҩыршаз азы.
Хазы иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп апроект алахәылацәа зегьы. Доусы раԥшьгарақәеи, рбаҩхатәреи, рырҿиаратә ҽазышәарақәеи рзы.
Агәра ганы сыҟоуп апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ишәоуз адыррақәеи аԥышәеи ԥхьаҟатәи шәусуразы ишьаҭа ӷәӷәаны ишыҟало. Ишәзеиӷьасшьоит аманшәалареи ҳтәыла аизҳазыӷьаразы шәусраҿы ақәҿиарқәеи», - ҳәа азгәаҭоуп авидеоааԥхьараҿы.
Атәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа апрограмма «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аиҿкааҩцәеи аҟазацәеи аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба инапы зҵаиҩыз аџьшьаратә шәҟәқәа ранеишьеит, урҭ иеиуоуп Ернест Мацкиавичиус, Александр Куприанов, Андреи Писарев, Владимир Табак, Светлана Королева, Иулиа Аблец, Михаил Канавцев, Сергеи Леваненков.
Апроект «Аԥсны амедиа ҿыцқәа» аԥшьбатәи амодуль хыркәшахеит асертификатқәа ранашьара иазкыз аныҳәатә церемониала.