Print this page

Дальскаиа амҩа аҭеиҭыԥш арҽеира иадҳәалоу аусурақәа хыркәшахеит Маҷара ақыҭан

Хәажәкыр 19, 2026 13

Акоммуналтә нхамҩа Аусбарҭа аусзуҩцәа аԥсабаратә гәамсамкаԥсарҭа дрыцқьеит ҳәа аанацҳауеит Гәылрыԥшь араион апресс-маҵзура.

Ауааԥсыра иҟарҵаз аҳәарала ааигәа-сигәа иҟаз аҭыԥ дрыцқьеит. Аԥхын аҳаскьын ахымиаарц, аныҟәараз маншәаланы иаанхарц азы амҩа ахаҳәырҷҷа ақәрыԥсеит.

Уи адагьы адәахьтәи алашарабагақәа дырҿыцит. Уи Дальскаиа амҩаҿы ахәылԥазы анеи-ааира шәарҭамкәа, еиҳа иманшәаланы иҟанаҵоит.