Print this page

Алиас Аиба Вальдрак Џьентск агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаа ианеишьеит

Хәажәкыр 19, 2026 11

Хәжәкырамза 18 рзы, Никарагуа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентск агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаа ианеишьеит.

Аусмҩаԥгатә иалахәын аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортегеи Никарагуа амасса-информациатә хархәагақәа рхаҭарнакцәеи.

Агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа анриҭа ашьҭахь, Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аусеицуразы аимадарақәа рырӷәӷәареи рырҭбаареи гәҭакыс ишрымоу азгәарҭеит.