Зыламыси, зыуаҩреи ҳаракыз, Аԥсны анҭыҵгьы зыхьӡ-зыԥша наҩхьаз Гьаргь Қәабзач-иԥа Габечиа диит Лыхны ақыҭан, Аџьымҽыӷра аҳаблан 1910 шықәсазы. Уи иаб унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз анхацәа нагақәа дреиуан. Абри агәараҭахь лассы-лассы сасра имҩахыҵуан, аҽыбӷаҟазацәеи, ауаа нагақәеи, алафҳәаҩцәеи.
1942-1944 шықәсқәа рзы Клухортәи акаҵәара ахьчара далахәын. Иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьан «Кавказ ахьчаразы», «Агәымшәаразы» амедалқәа. Иара убас ихҵан «Аԥснытәи АССР абаҩрҵәыра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Аԥсуаа ахааназ аҽыбӷаҟазара ҳаҭырла иазыҟан, аспорт хкқәа раԥхьа иргыланы иахәаԥшуан. Жәибжь шықәса ракәын ихыҵуаз Гьаргь Габечиа аҽыбӷаҟазаратә спорт хкы аҿы Гәдоуҭа араион даначемпионхаз. Ирацәоуп иара илиршаз аҽыбӷаҟазацәа разыҟаҵаразы. Иараӷьажәҩахаз Шьушьа Кәартаа-ԥҳаи иареи рыԥсы иахылҵит фҩык ахшара, иаԥырҵеит аҭаацәара ԥшӡа.
Гьаргь Габечиа исасцәаны иҭаахьан, иҿцәажәахьан аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа: Ш.Инал-иԥа, Гь.Ӡиӡариа, Б.Шьынқәба, М.Бӷажәба, В.Кобахьиа, Б.Адлеиба, К.Озган, Р.Гәымба, И.Кортуа, К.Ченгелиа.
Аҽыбӷаҟаза, ажәабжьҳәаҩ ду Гьаргь Габечиа, Асовет Еидгыла аҟны еиԥш анҭыҵ ихарангьы дырдыруан. Уи иахь иаауан ашықәс рацәа анҵыра аилкаара иашьҭаз рҟнытәи аҵарауаа.
Ааигәа иҭыҵыз Гьаргь Габечиа илаф жәабжьқәа хҭыс дуны иҟалеит иҭынхацәа рзгьы, иуаажәлар рзгьы. Уи арҵабыргуеит арҭ амшқәа рзы Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысыз ашәҟәы аӡыргара. Арахь имҩахыҵит автор иуа-иҭахыра, иқыҭа ахаҭарнакцәа, аҵарауаа. Аӡыргара иазкыз аиԥылара аартуа Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иҳәеит: «Иахьа ныҳәак еиԥш исыԥхьаӡоит, избанзар иҭыҵит аинститут агрифала алафҳәаҩ Аԥсуа хаҵа, аԥсуара азыҳәан аӡы иӡаагылоз, ауаҩра ныҟәызгоз, зқыҭаҿы зхатәы ҿырԥштәала аԥсуара иацныҟәоз, заԥсуара еихаҳаны иҟоу, ганрацәала алеишәа бзиа ныҟәзгоз Гьаргь Габечиа ишәҟәы. Алаф уи ҭоурыхтә саркьоуп, ауаҩытәыҩса ихаҿсахьа унарбоит. Лафла, ччаԥшьла аиаша аҳәара зегьы ирылшаӡом, иҟәышу иҵаулоу ауаатәыҩсатә ԥсихологиа иашьашәалоу азнеишьа аҭахуп, ус анцәа иулаимҵазар улаф анарха аиуӡом, ажәлар реилкаара, рдырра, рхәыцшьа изҭагыло аамҭа ианаалаша уҳәозароуп. Абарҭқәа зегьы злаз дреиуан Гьаргь Габечиа. Аҽыбӷаҟазара атәы ҳҳәозар Қырҭтәыла дганы еиҵаханы иҟаз акоманда азыҟаҵаны иалыркаартәы иқәиргылеит. Асовет Еидгыла аныҟаз Қырҭтәыла дуӡӡа иара ицназгоз азыҟаҵаҩ дҟамлаӡеит. Иара иеиԥш зҿаԥыц бзиоу ажәа азҟазацәа ҳалиаауа Анцәа иҟаиҵааит» абас ихиркәшеит Арда Ашәба иқәгылара.
Ажәахә ҟаиҵеит ашәҟәы аиқәыршәаҩ, аԥхьажәа зҩыз аҵарауаҩ Леонид Саманба. Уи иаазыркьаҿны дахцәажәеит Гьаргь Гобечиа ибиографиа. Асовет аамҭазы акырынтә ақыҭа адепутат ҳәа далырххьан. Игәалаиршәеит иара убас ацәгьеи, абзиеи рҟны еснагь илаф аҭыԥ ду шаанакылоз. Афилологиатә наукақәа ркандидат, аҵарауаҩ қәыԥш Инал Гыцба иқәгылараҿы даԥхьеит Сергеи Зыхәба Гьаргь Габечиа изкны ииҩхьаз, аха акьыԥхь зымбацыз астатиа. Гьаргь Габечиа иҟазшьарбагоуп лафла ахәахәа аҿаԥҽра, имырхьаакәа ахыччара, иара ихы ахыччарагьы илан илафны, баша ирҳәом аԥсуа ажәаԥҟа «иухыччо урылачча» ҳәа. Ахы ахыччара зегьы ирылшом, ауаҩы ихы дахыччозар иаҵанакуа рацәоуп, уи иаанаго культуралеи дырралеи дҳаракуп ҳәа ауп. Гьаргь Габечиа ауаҩы игхақәа рзы иразу хыччарыла акәын дшахьирхәуаз. Леонид Саманба иҭижьыз ашәҟәы Гьаргь Габечиа ишәҟәы аҿар рзгьы акыр аҵанакуа иҟалоит, –сгәанала, иҳәеит Инал Гыцба иқәгылараҿы.
ААР апрезидент Зураб Џьапуа иқәгылараҿ иазгәеиҭеит ари ашәҟәы аҭыҵра шрыбзоуроу Леонид Саманбеи иара иҷкәын Валикәа Габечиеи. Иҭабуп ҳәангьы реиҳәеит.
«Асеиԥш акрызҵазкуа ашәҟәы сара сахьахәаԥшуа иахьа даара иҳагуп. Жана Ачба ашәала ауаа ирхәыцуан, Гьаргь Габечиа ажәала ауаа ирхәыцуан. Ари ашәҟәы рҭахуп адепутат инаиркны аҵаҩы иҟынӡа. Даара иҳамҭа дууп. Аекспедициа анымҩаԥаҳгоз Валикәа иҩны Лыхны ҳнанагеит аиаша шәасҳәоит даара акыр ҳирбеит, уантәи ацара ҳгәамԥхо ҳҟаиҵеит иажәабжь ҵаулақәа рыла», – игәалаиршәеит Зураб Џьапуа.
Ҳаԥсуараҿы аҵакы ду змоу ашәҟәы аӡыргараҿ иқәгылеит иара убас, афилологиатә наукақәа ркандидат Уасил Аҩӡбеи, Жәлар Реизара апарламент адепутат Аслан Лакоба, академик Лили Ҳагба.
Аҵыхәтәаны аиԥылара иазааԥсаз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Гьаргь Габечиа иԥа Валикәа Габечиа. Ашәҟәы аӡыргарахь иааиз зегьы «Гьаргь илаф жәабжьқәа» ҳамҭас ирыҭан.
Наира Сабекиа