– Азныказы, - лҳәеит иан Светлана Раева-Аҩӡба, – исҳәоз сҿамшәеит. Аха нас абарҭ ажәақәа аасҿыҵҟьеит: – уи ииашаӡам, ихоумҵан… Аха, аԥсхәра ахьыҟаз атурбаза аҟны инхоз, иаараны иҟаз аӡәгьы зымааӡеит. Уаҟа агвардееццәа ақырҭцәа (аҭыԥантәи) ртанккқәа аларгалахьан… Ахәылбыҽха ақалақь иалахысуа иалагеит.
Аҩӡба Даур Владимир-иԥа 21.08.1973 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҟны диит. Даныхәыҷыз инаркны аҵара бзианы иҵон. Иааигәа-сигәа иҟаз зегьы дрызҿлымҳан. Деилҷҷан, дгәыбылҩын, ихшыҩ бзиан. Қәҿиарала Н.Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ далгеит. Ашкол ашьҭахь ААУ абҩарҵәыратә факультет дҭалеит.
– Даур, - иҳәеит иашьа Руслан– маха-шьахала дыӷәӷәан. Ҳаб ААУ аҟны аус иуан. Иара иԥсҭазаара зегьы аспорт иадиҳәалеит. Атлетика ласы ала ахәыҷқәа азыҟаиҵон. Қарҭ абаҩрҵәыратә факультет далгахьан. Даур ҳаб имҩа данылеит. Уи аспорттә хкы «Дзиудо» ала ихы ԥишәон, аихьӡарақәагьы иман. Ахԥатәи акурс дантәаз инаркны тренерс аусура далагахьан, иазыҟаиҵоз агәыԥгьы иман. Убас дшыҟаз аибашьра иалагеит. Аԥхьатәи амшқәа рзы Даури иҩыза Зарандиа Адгәыри еицны Ацҳа ҟаԥшь ахь еиццеит. Анаҩс, рҩызцәа гәыԥҩык ирыцны ииасит Гәдоуҭаҟа.
– Аибашьра ианалага – иҳәеит «Агәымшәаразы амедал» занашьоу Голанӡиа Ҭемыр – ҳара зежә шықәса ракәын иаҳхыҵуаз. Гагра ҭадырцәаанӡа абџьаргьы ҳамамызт. Аха иҳалшоз ала ҳрыцхраауан. Ус Даури Баҭалбеи Аҩӡбеи, Сергеи Аршба напхгара зиҭоз иҷыдоу агәыԥ ахьазыҟарҵоз иалалеит. Гагра анҭадырцәы саргьы уахь сцеит. Нас ари агәыԥ аҟны абџьар ҳауит. Уи нахыс Ешыратәи ахырхарҭахь ҳцалон. Ажьырныҳәатәи ажәылара ҳалахәын. Аҩбатәи агәыԥ ицараны иҟаз ҳакәын, аха ианлҵшәадаха ҳамцаӡеит. Анаҩс, хәажәкыратәи ажәыларазы аҽазыҟаҵарақәа цон. Уи инамаданы Гәымсҭа хыхь ала ақалақь иалалоз абаталионқәа еиликааит. Аҩӡба Фридон Ҷаҷ-иԥа напхгара зиҭоз абаталион дзалалаз убри азоуп. Аха Аҩӡба Дима агәра ииргеит, ажәылара макьана ишыҟамло, уаанӡа иҭаацәа ибаразы дцарц шилшо иеиҳәеит. Даур иҩыза Џьопуа Ҭемыри иареи еицны амҩа иқәлеит. Аха Ростов ианнеи адәыӷба дҭыҵит. Аԥсныҟа дхынҳәит. Аибашьцәа иҽырхьигӡеит… Сара иахьагьы санизхәыцуа сгәы сыхьуеит, – иҳәеит Џьопуа Ҭемыр.
– Аибашьраҿы, – узықәгәыӷуа урыцымзар, уаанрыжьуеит… Ҳара зегьы ҳаизааигәан, класск аҿы ҳаицтәан. Даур даун, деинаалан, ииҳәоз идыруан. Ҳашколи ҳакласси рҿы иҟаз, имҩаԥысуаз зегьы иара дырхадан, драбжьагаҩын… Иара бзиа иибоз аҭыԥҳа акласс аҟны аҵара лҵон. Аха урҭ еинасыԥмызт. Ҳакласс аҿы аҵара зҵоз аибашьраҿы иҭахаз: Аҩӡба Даур, Папба Ҭемыр, Дараселиа Рамин, Амҷба Алмасхан, аибашьра зегьы иалсыз, нас машәырла иҭахаз Ломиа Рафик сыԥсы ахьынӡаҭоу исыцзаауеит. Иара убас Амҷба Алмасхан иан лыҷкын ишьа луразы дахьцаз дҭахеит… Ари зегьы угәалауршәар, иузхымго хьаауп…
Даур идҳәалоу ахҭысқәа рацәоуп. Ашкол ҳанҭазтәи акы сгәаласыршәар сҭахуп. Нхарҭала аихамҩатә вокзал дазааигәаны дынхон. Уаҟа аихамҩа аусзуҩцәа рклуб ыҟан. Убри аклуб аҟны ақырҭцәа рбираҟ хыршьит. Даур иахыхны ашкол ахь инеигеит. Уаҟа аҭоурых арҵаҩыс Ԥаҷкориа Ҭенгиз аус иуан. Иара иҵатәхәы аамҭа анааи, адашьма аԥхьа ушьапы зхьушьуа кьынтыжәҵас иқәаҳҵеит. Иара иеимаақәа нықәшьны ианааирыцқьа , иқәыршәыз закәыз гәеиҭеит. Дыҳәҳәеит, ашкол анапхгаҩы дааигеит, иқәихит. Аха ԥыҭрак анҵы еиҭа иааганы, ишыҟаҳҵаз еиԥш адышьма аԥхьа иқәҳаршәит. Иара игәамҭаӡакәа, еиҭа иеимаақәа ирыцқьеит, ихьыз ангәеиҭа, длатәан аҵәыуара далагеит. Даур ҳакласс мацара акәым, ҳашколгьы, нас ашкол ашьҭахь аҿар рыҩнуҵҟагьы ахыԥша дуӡӡа иман. Ҳакласс аушьҭымҭацәа иҭахаз зегьы раԥхьа Даур днаргылан, нас егьырҭгьы иахьа ҳҳәынҭқара ашьақәыргылараҿы ирылшоз рацәахон, урҭ иахьа иҳазхаӡом, – иҳәеит аибашьҩы Голанӡиа Ҭемыр.
– Аишьцәа Руслани Даури даара еизааигәан, – лҳәеит ран Светлана, – Даур ихьӡ ихьӡызтәыз Руслан иоуп. Руслан Ленинград атехнологиатә институт дҭан. Даур ашколаҿы аҵара иҵон… Руслан дҭаацәароуп. Иԥшәма Чамагәуа Асҭандеи иареи ҩыџьа аҭыԥҳацәа рааӡоит. Даур иаб Владислави, иан Светланеи аибашьра ирзыннажьыз ахәра аӷьара даара иуадаҩхеит.
– Даур, - иҳәеит Леон иорден занашьаз Аҩӡба Дмитри, – иҭахара сшьапы сықәнарҟьеит. Хәажәкыратәи ажәылара дақәымшәаразы Урыстәылаҟа ддәықәысҵеит, аха дхынҳәит, ихгьы ақәиҵеит… Даур Сарсаниеи иареи сыҩны еицыкҿан, араҟа анышә иамаҳдеит…
– Аибашьра анеилга, – лҳәеит Светлана, ҳара Аҩӡба Дима иҭаацәараҿы ҳнеит. Дима иан, Барцыц-Аҩӡба Лиуба, уи ибаҩ аҵхра лҭахымхеит. – Сара сыԥсҭазаара саналҵлак, убасҟан дыжәгап. Уажәы ара дсымазааит, лҳәеит Лиуба усҟан. Дрылымҭеит.
Ԥшьышықәса Дима иҿы анышә дамадан. Лиуба лыԥсҭазаара даналҵ ауп Аҟәаҟа Даур иԥсыбаҩ анырга. Аҟәа Лечқоԥтәи анышәынҭрақәа ахьыҟоу иԥсыбаҩ амадоуп.
– Сара, - иҳәеит иашгьеиҳаб Руслан, – аимадара ахьынӡаҟаз сани саби срацәажәон. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылараҿы Даур дышҭахаз сабаӡӡеи Александров Виктор исеиҳәеит. 2007 шықәсазы Урыстәылантә сықәҵны Аԥсныҟа сааит. Даур хара ихәыцуаз, аҟазшьа ҷыда змаз, игәыблҩыз, аҩызцәа рацәаҩны еснагь зааигәа иҟаз, аиаша збар зҭахыз хаҵан. Инапы злеикуазаалак иқәманшәалахон, ицааиуан… Аспортаҿы «Ӡиудо» аганахьала Қырҭтәылеи Урыстәлеи дырчемпионхахьан. Уи иқәра шмаҷызгьы, иреиҳаӡоу аҩаӡарахь ахалара даҿын. Зегьы дҳагуп, дыгәхьаазгоит…
Аҩӡба Даур Владислав-иԥа иԥшӡара, иҳалалра, доуҳала ибеиара, иеилкаара, иҩызара зегьы ргәаҵантә иаауаз ажәа ԥхақәа изыркуан. Даур дышқәыԥшӡаз, ихаҿсахьа хаҭәааны, ижәлар дырхамшҭуа ргәаҿы даанхоит. Убриазы акәхап дыздыруаз, изааигәаз алакә- фырхаҵа иеиԥш изихцәажәоз. Афырхаҵа ихьӡ ахаан икашәаӡом! Уи адацқәа ажәлар ирҭоурыхны иаанхоит!
Гугуца Џьыкырба