Print this page

Наӡаӡа аҭоурых иазынхо

Хәажәкыр 16, 2026 84

Уажәы-уажәы дааҭгыло лаб иҭоурых далацәажәон… Зны лгәаҵантә иаауаз агәынқьбжьы мчыла иаанылкылон. Лхәыҷра ашықәсқәа лгәалалыршәон.

Габуниа Мхел Шьрыф-иԥа Жәандәрыԥшьтәын. Лара лаб ипатреҭқәа рыла ауп дызлалдыруа. Ландуи лаб иашьеи еснагь лааигәа иҟан. Габуниа Нина Мхел-иԥҳа Жәандәрыԥшьтәи абжьаратә школ даналга, Аҟәатәи арҵаҩратә институт дҭалеит.
Габуниа Нина Мхел-иԥҳа лыԥсҭазаара Тарнаа Леонид Иасон-иԥа ималдеит. Дара ҩыџьа ахшара рааӡеит: Мераби Мананеи. Рхы иақәгәыӷуа ишеицынхоз Леонид машәырла дҭахоит. Нина Мхел-иԥҳа лхәыҷра ашықәс хьанҭақәа дрылҵны, лыбӷа анааиҵылх, еиҭа лара илхылҵыз лхәыҷқәа аиҭымра «ашҭа» инҭалеит.
– Сара, – лҳәеит Нина, – Тарнаа сывагылеит, схәыҷқәа сыцрааӡеит, сашьцәагьы исыгырмыжьит. Иансгәалашәалак ишысааӡаз, иахьагьы сцәа сҭахьҭышьуеит. Аус сымур ҟаломызт, дара исҳәоз сажәа иахыԥомызт, инарыгӡон. Сџьабаа мыӡит, ибжьымсит, ирызҳаит.

Тарнаа Мераб Леонид-иԥа 1966 шықәса жьҭаарамза ҩба рзы Аҟәа ақалақь аҟны диит. Аабатәи акласс аҟынӡа Аҟәа аҵара иҵон. Уи ашьҭахь, Гәдоуҭа араион Бгардәанытәи абжьаратә школ далгеит. Арратә уалԥшьа Ашхабад ихигон. Асержант еиҳабы ҳәа ахьӡ ихҵан. Тарнаа Мераб арратә даныхынҳә Черкесстәи амашьынанхамҩатә институт дҭалоит. Заанаҭла анџьныр - аргылаҩ ҳәа дхынҳәуеит. 1992 шықәса рзы, аибашьра ианалага аҽныҵәҟьа, Мераб аԥсадгьыл ахьчаразы абџьар шьҭихит. Раԥхьа дызцыз агәыԥ «Зелионыи» ҳәа иашьҭан, командирс Инаԥшьба Руслан дыҟан. Уи ашьҭахь аибашьратә цәаҳәаҿы, еицырдыруа иҟалаз акоманда «Бабаду» ахь диасуеит. Хәажәкыра 15-16-тәи ажәылара аан, агәыԥ зегьы шәаҳәеит, икәашеит. Нас, Смыр Витали Ҳазараҭ-иԥа инапхгарала зегьы аӡәыкны Гәымсҭа ирит.
Агәыԥ «Бабаду» хаҵаҵас, еибашьрала ԥхьаҟа ицон. – Адҵа рырҭеит – лҳәеит иан Нина Мхел-иԥҳа, – урҭ хынҳәырц. Аха Гәымсҭа ирыз «Бабаду» иалаз, аҵыхәтәанынӡа еибашьуан. Аӷацәа рыкәшо иалагеит. Урҭ рнапаҵаҟа иҟалаз ҳаибашьцәа ирзааргаз аҳәара уадаҩуп…

– Ҳара, – лҳәеит Нина Мхел-иԥҳа, – ҳахьынхоз Мерабраа ахьтәаз аҟынтәи иубарҭан… Ихәыҷра ашықәсқәа ахьихигаз амца акын… Усҟан сара иҟаз акгьы сыздыруамызт… Уажәы-уажәы Анцәа сиҳәон, ҳаҷкәынцәа еиқәхарц…
Ҽнак аҭабиа аҟынтә иааигаз имаҭәақәа аӡәӡәаразы, Нина Мхел-иԥҳа илыманы дындәылҵит… Асофаҿы иџьыба аҟынтә акы ҭшәаны икаҳаит, абжьгьы ахылҵит. Нина иаашьҭылхит, патронан. Дахәаԥшит, илҭарц лыӡбеит, Мераб илырбеит. Иаалымихын акыраамҭа дахәаԥшуан. Нас иан дналыхәлаччан, ажәакгьы мҳәаӡакәан, инаганы аваза инаниршәлеит… Ҿымҭӡакәан инеидиҵеит… Уаҟа акыраамҭа ианыршәлан. Азныказы Нина иԥхьалкырц лгәы иҭалкит, аха ус уа иаанхеит…
Гәымсҭа ирыз рхабар аӡәгьы издыруамызт… Уаантә игоз ахысбжьқәа ҳашьхақәа дырҵысуан, адгьыл хыџ-хыџуан… Амацәыс еиԥш Нина лыҩнуҵҟантә мцабызк ҩалыхҟьеит. Апатрон ахьаныршәлаз днеины днаныԥшылеит… Иҟаӡамызт…
– Уи аамҭазы – лҳәеит Нина, – адунеи лашьцеит… Схы иҭашәаз ахәыцра сҽацәызгарц салагеит, аха исылымшеит. Схәыцрақәа насхысцан, сҽаасырӷәӷәеит…
Агәыԥ «Бабаду» иалаз аиҳараҩык ҭахахьан, аха иаанхаз аԥсыбаҩқәа ааныжьны ацара мап ацәкны, апатронқәа ахьынӡарымаз аӷацәа ирабашьуан.
Мераб, – лҳәеит иан Нина, – ашьҭахь еиқәхаз аибашьцәа изласарҳәаз ала, апатронқәа ахьынӡаимаз дхысуан… Уи иҩызцәа рахь ипатронқәа шынҵәаз ала ибжьы иргеит. Дара ахьтәаз аҭыԥ аҟынтә ирбарҭан, Мераб аӷацәа икәшошәа аниба, иџьыба иҭаз апартон ҭихит… Иабџьар даҵхеит. Иҩызцәа реиԥш, уи иԥсы аиҳа иԥсадгьыл алихит.

Габуниа-Тарнаа Нина лыҷкәын жәымыз ибаҩ ахьыҟоу лзымдырӡо, лаӷырӡыла илыршон. Абҵарамза… Аиашьаратә нышәынҭра… Шәҩыла анацәа ргәы адацқәа ахькыдшәаз, рыҷкәынцәа рыбаҩқәа лаӷырӡыла иахькәабаз…
Тарнаа Мераб аибашьцәа ирнышәынҭрахаз ажра ду аҟны дыздырыз ианшьа Габуниа Ҭенгизи иаҳәшьазаҵә Мананеи роуп. Джуп иаб игәараҭаҿы, Лыхны ақыҭан. Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.
Тарнаа Мераб иаҳәшьа Манана дҭаацәароуп. Лыԥшәма дашәыуоуп, Аисанов Муса иоуп. Аԥсны хәажәкыратәи ажәылара ашьҭахь деибашьуан. Ҩыџьа аԥҳацәа: Асҭандеи Асмаҭи рымоуп.
– Сгәыӷрақәа зыдҳәалоу, ахьаақәа ирхәырбӷьыцу, еснагь сыззыԥшу, исгәадуроу смаҭацәа роуп. Асҭандеи Асмаҭи рразҟқәа збарц сҭахуп. Еснагь исзымхо, игәхьаазго Мераб иҩызцәеи иареи роуп. Урҭ хықәкы хада заҵәык рыман– аԥсадгьыл ахьчара, аиқәырхара, ҳхада Ду Владислав Григори-иԥа раԥхьа днаргыланы, адунеи ҳадырдырит. Рыԥсқәа ҳмырԥхашьааит. Иаҳхамышҭааит!..
Габуниа Нина Мхел-иԥҳа даныхәыҷыз инаркны иуадаҩыз амҩа данысит. Аха ауадаҩра дазԥымҽит, аӡәы иҿаԥхьа лхы лалмырҟәит, лыԥсҭазаара ахәҭак аҵарадырра иазылкит.
Тарнаа Мераб Леонид-иԥа згәы былуаз, аҩызцәа рацәаны измаз, урҭ рыгәҭа ҳаҭыр зқәыз, Афырхаҵара, Агәымшәара, Аӷәӷәара абиԥарала иаазгоз Габуниа Мхел идаракәац ахаҭарнак, наӡаӡа аҭоурых иазынхо Фырхаҵоуп.

 Гугуца Џьыкырба