Заира Цим-иԥҳа Амқәаб-Ермолова диит 1941 шықәса март 10 рзы. 1955 шықәсазы лырҿиаратә ԥсҭазаара хацыркын Тҟәарчалтәи атеатр аҟны СССР-и Аԥсни жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа инапхгарала. Уи дыхәмарит араҟа иқәыргылаз Ӡаӡ Дарсалиа ипиеса «Ажәытәра иагаз» иалхыз аспектакль, иара убас Самсон Ҷанба ирҿиамҭа «Амҳаџьыр», Шәарах Ԥачалиа иқәиргылаз Миха Лакрба ипиеса «Сабыда игәаҩара» уҳәа егьырҭгьы.
1964 шықәса инаркны аусура далагеит С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Иаарласны атеатртә ԥсҭазаара аилашыра далахәхеит. Арольқәагьы лыдыргалон. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан акыр арольқәа налыгӡеит. Урҭ иреиуоуп: Баграт Шьынқәба ипоема «Ахра ашәа» иалхны арежиссиор Нелли Ешба иқәлыргылаз аспектакль «Ахра ашәа», Александр Островски ирҿиамҭа «Асҭыԥҳа», Самсон Ҷанба иҩымҭа «Сеидыҟ» ала Михаил Мархолиа иқәиргылаз «Сеидыҟ», иара убас Софокл ирҿиамҭа «Електра», Шьалодиа Аџьынџьал иҩымҭа «Аӡыхь абжьы», Шоҭа Ҷкадуа икомедиа «Акьанџьа» (ақәыргылаҩ – Дмитри Кәартаа) уҳәа егьырҭгьы.
Заира Амқәаб лабиԥара иаҵанакуаз актиорцәа рыҩнуҵҟа еиԥш, леиҳабацәа рҟынгьы ҳаҭыр лықәын, ҟазшьала, уаҩышьала зегьы дырнаалон. Иналыгӡоз арольқәа лыцааиуан, аԥсҭазаара иазааигәалтәуан, избан акәзар аԥҳәыс, ан лроль лара илызгәакьан, дазыманшәалан. Иахьеи-уахеи аԥсҭазаараҿы иуԥыло, дунеихәаԥшышьала еиуеиԥшым аҳәса рхаҿсахьақәа раарԥшра, рцәыргара дазыҳаҵҳаҵон. Актриса еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны ахәмарра лылшон, акомедиа аҟны еиԥш, адрама иаҵанакуазаргьы мап ацәылкуамызт. Атеатр ахаангьы лара лыԥсҭазаара иаҟәыҭханы дахәаԥшуамызт. Гәыла-ԥсыла лзанааҭ бзиа илбон, ахәаԥшцәа деицгәарҭахьан.
Аԥсуа театр аҟны аҵыхәтәан, 2009 шықәсазы арежиссиор Нелли Ешба иқәлыргылаз Денис Чачхалиа идрама «Али-беи» аҟны арольқәа руак қәҿиарала иналыгӡеит.
Лыԥшәма, акыр арольқәа назыгӡахьаз артист Алықьса Ермолови лареи аҭаацәара ԥшӡа аԥырҵеит, ахшара бзиақәа рааӡеит. Амала лыԥшәма акыр заа идунеи иԥсахит (15.12.1992), аԥсуа театртә ҟазара даԥхеит абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз артист. Аспектакльқәа рҟны еиԥш, А. Ермолов иҟазара ааирԥшхьан акымкәа-ҩбамкәа асахьаркыратә фильқәа рҟны («Хҭырԥа шкәакәа», «Амзаҿа ангыло ауха», «Иԥшьоу ажьирҭа асаркьал», «Ашаҳаҭ», «Огарева 6», «Робинзон Крузо», «Чегемтәи адедектив»).
Заира Амқәаб-Ермолова лыԥсҭазаара далҵит 70 шықәса анылхыҵуаз, 2011 шықәса маи 22 рзы. Атеатртә ҟазара аҭоурых аҿы, хымԥада, ҩашьара ақәымкәа лышьҭа аанлыжьит.